https://sputnik-abkhazia.info/20250904/1057310735.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Москва Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын цәыббра 3 рзы... 04.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-04T13:30+0300
2025-09-04T13:30+0300
2025-09-04T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/04/1057310569_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_b9bca6902a1a83e893c9816cb972c932.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Москва Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын цәыббра 3 рзы. Аиҿкааратә еилакы алахәыла Иан Бурлиаи ацҳаражәҳәаҩ агәалашәаратә медал "Иапониа абашьраан игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра" ианеишьеит, абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Алхас Кәыҵниа еизаз зегьы акыр зҵазкуа арыцхә рыдиныҳәалеит, Аиааира 80 шықәса ахыҵра ашықәс азы Урыстәыла даҽа қәҿиарак — арратә операциаҿы аиааира азеиӷьеишьеит.
Аицлабрақәа "Зысасгәашә аарту Аԥсны", "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ӡырган Тҟәарчал ақалақь аҿы. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҳәаақәҵаҩ Максим Гәымба еиҭеиҳәеит арзаҳалқәа 21 хырхарҭа рыла ишрыдыркыло. Аицлабра атуризм аусхк агәазыҟаҵара ашьҭыхреи амаҵзура ахаҭабзиара аиӷьтәра иацхраауа аԥшьгара ҿыцқәа рынагӡареи ирызкуп. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа жәларбжьаратәи аусдырцәа ирыдыргалар рылшоит рыгәҭакқәа, атуристтә проектқәа аус рыдулараан урҭ рҟынтәи адгылара роур рылшоит. Аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аӡыргара мҩаԥигеит "Аҧснымедиа" аиҳабы Роберт Џьопуа.
Аԥснытәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рхы рыладырхәыр рылшоит ҳәа иазгәеиҭеит СССР ашьапылампыл азы аспорт азҟаза Ахрик Цәеиба. Уи ҿырԥштәыс иааигеит Урыстәылатәи ашьапылампылтә Медиалигеи БРИКС Ахәмаррақәеи, уаҟа Аԥсны быжь-медалк анашьахеит. Цәеиба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш аицлабрақәа аҿар аспорт иацәхьамҵырц азы гәазҭаҵараны ишыҟоу.
Аҟәа иаарԥшуп амаининг-ферма. Аферма ԥшаан Наӡаӡе лымҩаҿы, Аҟәа инхо Инга Гаделиаԥҳа илтәыз, уаҩ дызхымыз ахыбраҿы. Уаҟа аус руан 37 аппарат, урҭ зегьы афымцаҳа иаҿакын ҳәа аанацҳауеит ҳазалхратә еилакы. Гаделиаԥҳа лажәақәа рыла, аҳазалхратә декларациа шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәа рыда, амаругақәа аинтернет аҿы иаалхәеит. Лара лхара инагӡаны дақәшаҳаҭхеит.
Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Москва Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын цәыббра 3 рзы. Аиҿкааратә еилакы алахәыла Иан Бурлиаи ацҳаражәҳәаҩ агәалашәаратә медал "Иапониа абашьраан игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра" ианеишьеит, абри атәы аанацҳауеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Алхас Кәыҵниа еизаз зегьы акыр зҵазкуа арыцхә рыдиныҳәалеит, Аиааира 80 шықәса ахыҵра ашықәс азы Урыстәыла даҽа қәҿиарак — арратә операциаҿы аиааира азеиӷьеишьеит.Аицлабрақәа "Зысасгәашә аарту Аԥсны", "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" ӡырган Тҟәарчал ақалақь аҿы. Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" аҳәаақәҵаҩ Максим Гәымба еиҭеиҳәеит арзаҳалқәа 21 хырхарҭа рыла ишрыдыркыло. Аицлабра атуризм аусхк агәазыҟаҵара ашьҭыхреи амаҵзура ахаҭабзиара аиӷьтәра иацхраауа аԥшьгара ҿыцқәа рынагӡареи ирызкуп. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа жәларбжьаратәи аусдырцәа ирыдыргалар рылшоит рыгәҭакқәа, атуристтә проектқәа аус рыдулараан урҭ рҟынтәи адгылара роур рылшоит. Аицлабра "Аԥсны амедиа ҿыцқәа" аӡыргара мҩаԥигеит "Аҧснымедиа" аиҳабы Роберт Џьопуа. Аԥснытәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи аицлабрақәа рхы рыладырхәыр рылшоит ҳәа иазгәеиҭеит СССР ашьапылампыл азы аспорт азҟаза Ахрик Цәеиба. Уи ҿырԥштәыс иааигеит Урыстәылатәи ашьапылампылтә Медиалигеи БРИКС Ахәмаррақәеи, уаҟа Аԥсны быжь-медалк анашьахеит. Цәеиба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ас еиԥш аицлабрақәа аҿар аспорт иацәхьамҵырц азы гәазҭаҵараны ишыҟоу. Аҟәа иаарԥшуп амаининг-ферма. Аферма ԥшаан Наӡаӡе лымҩаҿы, Аҟәа инхо Инга Гаделиаԥҳа илтәыз, уаҩ дызхымыз ахыбраҿы. Уаҟа аус руан 37 аппарат, урҭ зегьы афымцаҳа иаҿакын ҳәа аанацҳауеит ҳазалхратә еилакы. Гаделиаԥҳа лажәақәа рыла, аҳазалхратә декларациа шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәа рыда, амаругақәа аинтернет аҿы иаалхәеит. Лара лхара инагӡаны дақәшаҳаҭхеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/04/1057310569_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_48215c2522f05e2afbaa8c2e88d3543d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио