https://sputnik-abkhazia.info/20250907/aleko-garamia-inalukaasha-aaraua-du-asny-aaradyrra-auszuy---1057356101.html
Алеко Гәарамиа: иналукааша аҵарауаҩ ду, Аԥсны аҵарадырра аусзуҩы
Алеко Гәарамиа: иналукааша аҵарауаҩ ду, Аԥсны аҵарадырра аусзуҩы
Sputnik Аҧсны
ААУ аректор, апрофессор, аҵарауаҩ, раԥхьаӡатәи аԥсуа математик диит цәыббра 7 1940 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. 07.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-07T11:20+0300
2025-09-07T11:20+0300
2025-09-07T11:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/06/1057351310_0:113:3172:1897_1920x0_80_0_0_87374590cee0a722a1165bd31b8cfc70.jpg
АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Европеи Урыстәылеи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәеи ракадемик. Иара убас, Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи ауниверситетқәа жәпакы ҳаҭыр зқәу рдоктор, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҭҵаарадыррақәа зҽрыԥсазтәыз аусзуҩ, Европа аректорцәа рклуби Оксфордтәи Академиатә Еидгыла Ахеилаки рлахәыла.Гәарамиа аквазигәыԥқәа ралгебратә теориаҿы адунеи аҿы иԥхьагылоу аҟазацәа дыруаӡәкуп. 1967 шықәсазы Москва адоктортә диссертациа ихьчеит "Исследование некоторых классов квазигрупп с тождествами"атема ала. 1985 ашықәсазы Новосибирск идоктортә диссертациа ("Аксиоматизируемые классы квазигрупп и многосортная универсальная алгебра"). Гәарамиа 50 шықәса иреиҳауп аҭҵаарадырреи арҵаратә усуи инапы алакуижьҭеи. Иара Москва, Берлин, Дрезден, Леипциг, Ниу-Иорк, Болониа, Тель-Авив, Кардифф, Қарҭ уҳәа адунеи ауниверситетқәа 19 рҿы алекциақәа дрыԥхьон. Иара СССР Аҵара аминистрра аматематиказы аҭҵаарадырра-методологиатә хеилак алахәылак иаҳасабала акыраамҭатәи амаҵураныҟәара аҳәаанырцәҟа ддәықнаҵеит ГДР-гьы уахь иналаҵаны, уаҟа иара ԥшьҩык аҭҵаарадыррақәа рдокторцәа азыҟаиҵеит. Қәҿиарала ауниверситетқәа рҿы иусуразы, ГДР Аҵара аминистрра "Аҳаҭыртә дырга" ианашьан. Гәарамиа СССР аҵараиурҭақәа ргәаҭаразы акомиссиа наԥхгара аиҭон, аха ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аламҭалз иԥсадгьыл ахь дхынҳәит Аԥсны адгылара аҭаразы.Аполитикатә усхк аҿы иара 1991-1996 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс дыҟан, 2002-2004 шықәсқәа рзы азеиԥши, абжьаратәи, иреиҳау аҵараиурҭақәа рминистрс дыҟан, ари амаҵураҭыԥи ауниверситет аректор иусуреи еилаигӡон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь,1993 шықәсазы Алеко Гәарамиа илиршеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Евразиатәи ауниверситетқәа реидгыла алалара, уи Аԥснытәи ауниверситет адунеизегьтәи аимадара арӷәӷәареи, Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҿы иҟоу ауниверситетқәеи аҵареи аҭҵаарадырратә программақәеи реизҳара алнаршеит. Алеко Гәарамиа 80 инареиҳаны жәларбжьаратәии зегьеидгылатәии аконференциақәа, Москва имҩаԥысуаз аматематикцәа Рдунеизегьтәи аконгресс уҳәа рҟны ажәахәқәа ҟаиҵахьеит. Иааиԥмырҟьаӡакәа адоктортә диссертациақәа аоппанентра рзиуеит.Урыстәылеи Аԥсни реимадара арӷәӷәаразы имҩаԥигоз аусмҩаԥгатәқәа рзы 2021 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟнытә Ҭабуп ҳәа азгәаҭан. Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа иналукааша аҭҵаарадырратә еихьӡарақәеи активтә социалтә-ҵарадырратә усуреи еилазгӡо, Аԥсны аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рыҿиареи жәларбжьаратәи аусеицуреи рҿы злагала дуу иҿырԥшыгоу ҵарауаҩуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20240424/asnyti-aynarrat-universitet-ay-iaartkhoit-mgimo-ashkol---------------------------------------------1050870090.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230307/aleko-garamia-asny-akhada-iusala-asnyti-aynuniversitet-arektors-dshayroup-1044497075.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/06/1057351310_344:0:3075:2048_1920x0_80_0_0_07fafaf32e5b15f82d335f474e5723ed.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Алеко Гәарамиа: иналукааша аҵарауаҩ ду, Аԥсны аҵарадырра аусзуҩы
ААУ аректор, апрофессор, аҵарауаҩ, раԥхьаӡатәи аԥсуа математик диит цәыббра 7 1940 шықәсазы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Адыгатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи, Европеи Урыстәылеи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа ракадемиақәеи ракадемик. Иара убас, Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет ҳаҭыр зқәу апрофессор, Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи ауниверситетқәа жәпакы ҳаҭыр зқәу рдоктор, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҭҵаарадыррақәа зҽрыԥсазтәыз аусзуҩ, Европа аректорцәа рклуби Оксфордтәи Академиатә Еидгыла Ахеилаки рлахәыла.
Гәарамиа аквазигәыԥқәа ралгебратә теориаҿы адунеи аҿы иԥхьагылоу аҟазацәа дыруаӡәкуп. 1967 шықәсазы Москва адоктортә диссертациа ихьчеит "Исследование некоторых классов квазигрупп с тождествами"атема ала. 1985 ашықәсазы Новосибирск идоктортә диссертациа ("Аксиоматизируемые классы квазигрупп и многосортная универсальная алгебра").
1986 ашықәсазы ихҵан апрофессор ҳәа ахьӡ.
Гәарамиа 50 шықәса иреиҳауп аҭҵаарадырреи арҵаратә усуи инапы алакуижьҭеи. Иара Москва, Берлин, Дрезден, Леипциг, Ниу-Иорк, Болониа, Тель-Авив, Кардифф, Қарҭ уҳәа адунеи ауниверситетқәа 19 рҿы алекциақәа дрыԥхьон. Иара СССР Аҵара аминистрра аматематиказы аҭҵаарадырра-методологиатә хеилак алахәылак иаҳасабала акыраамҭатәи амаҵураныҟәара аҳәаанырцәҟа ддәықнаҵеит ГДР-гьы уахь иналаҵаны, уаҟа иара ԥшьҩык аҭҵаарадыррақәа рдокторцәа азыҟаиҵеит. Қәҿиарала ауниверситетқәа рҿы иусуразы, ГДР Аҵара аминистрра "Аҳаҭыртә дырга" ианашьан.
Гәарамиа СССР аҵараиурҭақәа ргәаҭаразы акомиссиа наԥхгара аиҭон, аха ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аламҭалз иԥсадгьыл ахь дхынҳәит Аԥсны адгылара аҭаразы.
Аполитикатә усхк аҿы иара 1991-1996 шықәсқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутатс дыҟан, 2002-2004 шықәсқәа рзы азеиԥши, абжьаратәи, иреиҳау аҵараиурҭақәа рминистрс дыҟан, ари амаҵураҭыԥи ауниверситет аректор иусуреи еилаигӡон.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь,1993 шықәсазы Алеко Гәарамиа илиршеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Евразиатәи ауниверситетқәа реидгыла алалара, уи Аԥснытәи ауниверситет адунеизегьтәи аимадара арӷәӷәареи, Урыстәылеи егьырҭ атәылақәеи рҿы иҟоу ауниверситетқәеи аҵареи аҭҵаарадырратә программақәеи реизҳара алнаршеит.
Гәарамиа 120 инареиҳаны аҭцаарадырратә ҭыжьымҭақәа дравторуп, урҭ рҿы аквазигәыԥқәа ртеориеи автоматқәа рабстракттә теориеи еидызкыло ахырхарҭа ҿыцқәа ааиртит.
Алеко Гәарамиа 80 инареиҳаны жәларбжьаратәии зегьеидгылатәии аконференциақәа, Москва имҩаԥысуаз аматематикцәа Рдунеизегьтәи аконгресс уҳәа рҟны ажәахәқәа ҟаиҵахьеит. Иааиԥмырҟьаӡакәа адоктортә диссертациақәа аоппанентра рзиуеит.
Аԥсны аҭҵаарадырреи, аҵареи, ззанааҭдырра ҳараку акадрқәа разыҟаҵареи рҿы илагала ду азы Алеко Гәарамиа ианашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа – "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара.
Урыстәылеи Аԥсни реимадара арӷәӷәаразы имҩаԥигоз аусмҩаԥгатәқәа рзы 2021 шықәсазы Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟнытә Ҭабуп ҳәа азгәаҭан.
Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа иналукааша аҭҵаарадырратә еихьӡарақәеи активтә социалтә-ҵарадырратә усуреи еилазгӡо, Аԥсны аҭҵаарадырреи иреиҳау аҵареи рыҿиареи жәларбжьаратәи аусеицуреи рҿы злагала дуу иҿырԥшыгоу ҵарауаҩуп.