Ақәоура иахҟьаны Аҟәа амҩадуқәак аӡы рнылеит
11:00 07.09.2025 (ирҿыцуп: 11:25 07.09.2025)
© Sputnik / Томас ТхайцукПрорыв водосточной трубы по ул. Эшба

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Ақәоура иахҟьаны Аҟәа амҩадуқәак аӡы рнылеит ҳәа Sputnik иазеиҭаиҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба.
"Ақалақь агәҭа, Лакәабеи, Дбари, Воронови рымҩадуқәа реихысарҭақәа рҿы ауп. Иуадаҩу акгьы ҟамлаӡеит. Иазку амаҵзурақәа зегьы русура рӷәӷәоуп, урҭ аҭыԥқәа рҿы аусура иаҿуп", — иҳәеит иара.
Ҭарба иажәақәа рыла, амҩаду аӡқәа рнылеит аҩаршьҭрақәа абӷьыжә ирҭачыз иахҟьаны. Анхарҭа ҭыԥқәа аӡы рыҵалеит ҳәа макьаназы адыррақәа ыҟаӡам.