Гыцба: аԥсуа бызшәа аҵара асистема агәазҭаҵаразы шьаҭас иҟалароуп
© Sputnik / Томас ТхайцукПрезентация новой методики по изучению абхазского языка для 3х-летних детей

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аԥсуа бызшәа аҵара агәазҭаҵаразы шьаҭас иҟалароуп ахьырхәра акәымкәа, аџьшьараҭаратә системала ҳәа иԥхьаӡоит Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Инар Гыцба.
"Ҳара ҳҿы, еиҳарак, агәынхәҵысҭатә система "ахьырхәра" аус ауеит — абызшәа узымдыруазар, иуҭаху ак ҟауҵар залшом, иалкаау лшарақәакгьы уоуӡом. Сара сакәзар ари азҵаара даҽа ганкахьала сазнеиуан, аџьшьараҭара асистема азхәыцра иаԥсаны избоит. Иаҳҳәап, абызшәа удыруазар, уулафахәы иацлоит, усоциалтә еихьӡара еиҳа иҳаракхоит, укариератә еизҳарагьы еиҳа иласхоит уҳәа убас иҵегьы", — иҳәеит иара.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба Аминистрцәа реилазаара аҵарадырразы азакәан апроект аус адулара хыркәшазарц адҵа риҭеит.