https://sputnik-abkhazia.info/20250914/badra-gynba-urystyla-asharadarat-kheilak-akhantay-ikhayua-iiubilei-idinyaleit-1057530345.html
Бадра Гәынба Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ ииубилеи идиныҳәалеит
Бадра Гәынба Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ ииубилеи идиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев ииубилеи идиныҳәалеит. 14.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-14T09:54+0300
2025-09-14T09:54+0300
2025-09-14T09:54+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052094325_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_a4380ad5e7b92c080702188e78bc2d2f.jpg
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев ииубилеи идиныҳәалеит.Аԥсны ахада иара Урыстәыла иахьатәи аполитикатә ҭоурых аҿы иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ иаҳасабала иааникыло аҭыԥ ҷыдеи, иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҟәыӷареи, аҭакԥхықәреи шааирԥшызи, иара убас, ареспублика ахьыԥшымра азхаҵаразы иҟаиҵаз аҭоурыхтә ӡбамҭа аҵакы ду шамоу азгәеиҭеит.Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Дмитри Медведев иахьагьы ареспублика ганрацәала адгылара шаиҭо, агәабзиареи аманшәалареи изеиӷьеишьеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052094325_248:0:2979:2048_1920x0_80_0_0_60e0f17de762b16f5edf8c72d43f2dd1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Бадра Гәынба Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ ииубилеи идиныҳәалеит
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев ииубилеи идиныҳәалеит.
Аԥсны ахада иара Урыстәыла иахьатәи аполитикатә ҭоурых аҿы иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ иаҳасабала иааникыло аҭыԥ ҷыдеи, иуадаҩыз аамҭақәа рзы аҟәыӷареи, аҭакԥхықәреи шааирԥшызи, иара убас, ареспублика ахьыԥшымра азхаҵаразы иҟаиҵаз аҭоурыхтә ӡбамҭа аҵакы ду шамоу азгәеиҭеит.
"Аԥсуа жәлар наунагӡа иргәалашәалоит нанҳәа 26 2008 шықәсазы ишәыдышәкылаз аҭоурыхтә ӡбамҭа — Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара. Ари шәусԥҟа ҳажәлар шәышықәсала ирымаз агәазыҳәара нанагӡеит — ихьыԥшым, иазхаҵоу аҳәынҭқарраҿы анхара", — азгәаҭоуп
адныҳәалараҿы .
Аԥсны ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Дмитри Медведев иахьагьы ареспублика ганрацәала адгылара шаиҭо, агәабзиареи аманшәалареи изеиӷьеишьеит.