https://sputnik-abkhazia.info/20250914/shachati-atsirk-agymshaa-reaaa-daa-mchybzhyk-asny-igylaloit-1057534773.html
Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" даҽа мчыбжьык Аԥсны иқәгылалоит
Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" даҽа мчыбжьык Аԥсны иқәгылалоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" даҽа мчыбжьык Аԥсны иқәгылалоит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ацирк апрограмма... 14.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-14T16:18+0300
2025-09-14T16:18+0300
2025-09-14T16:18+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/01/1056596225_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_1da49fec06b27fbaf441f836b53951e6.jpg
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" даҽа мчыбжьык Аԥсны иқәгылалоит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ацирк апрограмма администратор хада Вера Мешьанова.Шәачатәи ацирк агастрольқәа цәыббрамза 14 рзы ихыркәшахар акәын. Лара лажәақәа рыла, ари аҩыза аӡбамҭа идикылеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә цирктә еилазаара анапхгаҩы Сергеи Белиаков Аԥсны акультура аминистрра адгыларала. Мешьанова илымоу адыррақәа рыла, рашәара 14 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа апрограмма "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" 48 қәгыларақәа мҩаԥнагеит. Ацирк иаҭааит 24 700-ҩык ауаа. Шәачатәи ацирк агастрольқәа рашәара 14 рзы иалагеит, урҭ мҩаԥысуеит цәыббра 14 рҟынӡа. Апрограммаҿы иҟоуп аклоунцәа, алаԥшхырԥаҩцәаа, акробатцәа, бенгалтәи абжьасқәеи иазыҟаҵоу амшәқәеи злахәу ақәгыларақәа. Абилеҭқәа рыҭираҟынтәи идырҳауа аԥара зегьы Аԥсны иаанхоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/01/1056596225_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_57aad0325f9cca545ba49f7ae78a9eb5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
аԥсны, ажәабжьқәа, акультура
Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" даҽа мчыбжьык Аԥсны иқәгылалоит
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" даҽа мчыбжьык Аԥсны иқәгылалоит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит ацирк апрограмма администратор хада Вера Мешьанова.
Шәачатәи ацирк агастрольқәа цәыббрамза 14 рзы ихыркәшахар акәын.
Лара лажәақәа рыла, ари аҩыза аӡбамҭа идикылеит Урыстәыла аҳәынҭқарратә цирктә еилазаара анапхгаҩы Сергеи Белиаков Аԥсны акультура аминистрра адгыларала.
"Шәахәаԥшцәа гәыкала ҳрыдыркылоит, ақәгыларақәа зегьы рнапеинҟьыбжьқәа еихсыӷьра рықәым. Иаҳҭааз зегьы иҭабуп ҳәа ҳазымҳәаз аӡәгьы дыҟам", — лҳәеит лара.
Мешьанова илымоу адыррақәа рыла, рашәара 14 инаркны цәыббра 14 рҟынӡа апрограмма "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" 48 қәгыларақәа мҩаԥнагеит. Ацирк иаҭааит 24 700-ҩык ауаа.
Шәачатәи ацирк агастрольқәа рашәара 14 рзы иалагеит, урҭ мҩаԥысуеит цәыббра 14 рҟынӡа. Апрограммаҿы иҟоуп аклоунцәа, алаԥшхырԥаҩцәаа, акробатцәа, бенгалтәи абжьасқәеи иазыҟаҵоу амшәқәеи злахәу ақәгыларақәа.
Абилеҭқәа рыҭираҟынтәи идырҳауа аԥара зегьы Аԥсны иаанхоит.