https://sputnik-abkhazia.info/20250921/moskva-iaatit-v-asua-kultura-afestival-asny---1057687989.html
Москва иаатит V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны"
Москва иаатит V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны"
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Москва "Ермитаж" абаҳчаҿы иаатит V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны". 21.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-21T13:40+0300
2025-09-21T13:40+0300
2025-09-21T14:22+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102760/33/1027603381_0:78:1500:922_1920x0_80_0_0_bf3bf07bdd04459e3e5871ce748a8b31.jpg
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Москва "Ермитаж" абаҳчаҿы иаатит V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны". Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа афестиваль асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аҳәынҭқарра ахада Бадр Гәынба иҟаиҵаз адныҳәаларатә ажәахә даԥхьеит. Москватәи аԥсуа диаспора ахантәаҩы Беслан Агрба афестиваль апрограмма дазааҭгыло асасцәа ааиԥхьеит асасдкылараз зышәқәа аарту Аԥсны иаҭаарц, амш иалагӡаны уи акультура рбартә еиԥш алшара рымоуп. Цәыббра 21 рзы Москва имҩаԥысуеит V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны". Уи ихы алаирхәраны дыҟан Аԥсны ахада, аха еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩ, аҵарауаҩ Станислава Лакоба машәырла иҭахара инамаданы иҭааратә ныҟәара иԥсахит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250921/gytsa-asua-kultura-aaanyrts-ayrgara-aak-du-amoup-ui-aiyrkharei-ashykhrei-rzy--1057686845.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102760/33/1027603381_84:0:1417:1000_1920x0_80_0_0_b87eb552135ac6b6436fd4e496f99b2f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Москва иаатит V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны"
13:40 21.09.2025 (ирҿыцуп: 14:22 21.09.2025) АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. Москва "Ермитаж" абаҳчаҿы иаатит V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны".
Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа афестиваль асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аҳәынҭқарра ахада Бадр Гәынба иҟаиҵаз адныҳәаларатә ажәахә даԥхьеит.
"Афестиваль "Аԥсны" — ари Аԥсны аӡыргаразы илшара бзиоуп. Уи иабзоураны ҳтәыла, иҷыдоу ҳкультуреи, ажәытәӡатәи ҳҵасқәеи ртәы еиҳа-еиҳа ирацәаҩны еилыркаауеит", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәаларатә шәҟәы аҿы.
Москватәи аԥсуа диаспора ахантәаҩы Беслан Агрба афестиваль апрограмма дазааҭгыло асасцәа ааиԥхьеит асасдкылараз зышәқәа аарту Аԥсны иаҭаарц, амш иалагӡаны уи акультура рбартә еиԥш алшара рымоуп.
Цәыббра 21 рзы Москва имҩаԥысуеит V Аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны". Уи ихы алаирхәраны дыҟан Аԥсны ахада, аха еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩ, аҵарауаҩ Станислава Лакоба машәырла иҭахара инамаданы иҭааратә ныҟәара иԥсахит.