https://sputnik-abkhazia.info/20250921/rosgostsirk-aa-iaraz-aaraa-asny-atskhyraarazy-idyakhoit-1057686688.html
"Росгосцирк" Аҟәа иарҳаз аԥарақәа Аԥсны ацхырааразы идәықәҵахоит
"Росгосцирк" Аҟәа иарҳаз аԥарақәа Аԥсны ацхырааразы идәықәҵахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. "Росгосцирк" Аҟәа иарҳаз аԥарақәа Аԥсны ацхырааразы идәықәҵахоит. Абри атәы иҳәеит "Росгосцирк" анаԥхгаҩы Сергеи Белиаков... 21.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-21T12:04+0300
2025-09-21T12:04+0300
2025-09-21T13:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/01/1056596225_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_1da49fec06b27fbaf441f836b53951e6.jpg
АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. "Росгосцирк" Аҟәа иарҳаз аԥарақәа Аԥсны ацхырааразы идәықәҵахоит. Абри атәы иҳәеит "Росгосцирк" анаԥхгаҩы Сергеи Белиаков аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Беслан Ешба иԥылараан ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс. Ешба, иганахь ала Белиаков ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҳтәыла ахәыҷқәа ирзаԥырҵаз аныҳәа азы, дара 1500-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рзы хәыда-ԥсада ақәгыларақәа мҩаԥыргеит. "Росгосцирк" анаԥхгаҩы Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ацирк ахь иаадырԥшыз азҿлымҳареи раҭаареи рзы ҭабуп ҳәа реиҳәеит. "Зегь раԥхьаӡа иргыланы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсны ауааԥсыра, адунеи аҿы зегь реиҳа иԥшӡоу атәылақәа ируаку иаҭаауаз асасцәа. Ҳара Аԥсны аҳәынҭқарра алахәылацәа ҳрыцны раԥхьатәи ақәыргыламҭа ҳаҭааит, иаҳбеит ахәаԥшцәа, адуцәеи ахәыҷқәеи шаҟа ргәы шьҭнахыз, рнапқәа шеинырҟьоз", — иҳәеит Белиаков. Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" агастрольқәа Аҟәа ирылагеит рашәара 14 инаркны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/01/1056596225_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_57aad0325f9cca545ba49f7ae78a9eb5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
"Росгосцирк" Аҟәа иарҳаз аԥарақәа Аԥсны ацхырааразы идәықәҵахоит
12:04 21.09.2025 (ирҿыцуп: 13:13 21.09.2025) АҞӘА, цәыббра 21 - Sputnik. "Росгосцирк" Аҟәа иарҳаз аԥарақәа Аԥсны ацхырааразы идәықәҵахоит. Абри атәы иҳәеит "Росгосцирк" анаԥхгаҩы Сергеи Белиаков аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Беслан Ешба иԥылараан ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.
"Шәара иалышәхыр шәылшоит ҳара ацхыраара зҳаҭар зылшо анаплакы, ҳара аԥарақәа зыгьы Аԥсны иааҳашьҭуеит", — иҳәеит иара.
Ешба, иганахь ала Белиаков ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ҳтәыла ахәыҷқәа ирзаԥырҵаз аныҳәа азы, дара 1500-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа рзы хәыда-ԥсада ақәгыларақәа мҩаԥыргеит.
"Росгосцирк" анаԥхгаҩы Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ацирк ахь иаадырԥшыз азҿлымҳареи раҭаареи рзы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
"Зегь раԥхьаӡа иргыланы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсны ауааԥсыра, адунеи аҿы зегь реиҳа иԥшӡоу атәылақәа ируаку иаҭаауаз асасцәа. Ҳара Аԥсны аҳәынҭқарра алахәылацәа ҳрыцны раԥхьатәи ақәыргыламҭа ҳаҭааит, иаҳбеит ахәаԥшцәа, адуцәеи ахәыҷқәеи шаҟа ргәы шьҭнахыз, рнапқәа шеинырҟьоз", — иҳәеит Белиаков.
Шәачатәи ацирк "Агәымшәақәа реҵәаџьаа" агастрольқәа Аҟәа ирылагеит рашәара 14 инаркны.