https://sputnik-abkhazia.info/20250926/asny-iaaait-dasanti-aregionalt-eikaara-mchys-iou--akzaaroup-alakhylatsa-1057828819.html
Аԥсны иаҭааит Даӷьсҭантәи арегионалтә еиҿкаара "Мчыс иҟоу — акзаароуп" алахәылацәа
Аԥсны иаҭааит Даӷьсҭантәи арегионалтә еиҿкаара "Мчыс иҟоу — акзаароуп" алахәылацәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Бадра Гәынба Даӷьсҭаннтәи Арратә операциа ҷыда иалахәуи иҭахази аибашьцәа ранацәеи рыҳәсеи злахәу аделегациа идикылеит. 26.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-26T18:29+0300
2025-09-26T18:29+0300
2025-09-26T18:29+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/1a/1057827032_0:67:1280:787_1920x0_80_0_0_5e21733e95cc27a9359b3ae004b8da14.jpg
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Бадра Гәынба Даӷьсҭаннтәи Арратә операциа ҷыда иалахәуи иҭахази аибашьцәа ранацәеи рыҳәсеи злахәу аделегациа идикылеит.Даӷьсҭантәи арегионалтә еиҿкаара "Мчыс иҟоу — акзаароуп" ареспубликахь ааԥхьара арҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд. Асасцәа рзы еиҿкаауп аекскурсиақәа, агәалашәаратә ҭыԥқәа рҭаара, иҭахаз аԥсуа еибашьцәа ранацәа рԥылара. Аделегациа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара иалахәхоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/1a/1057827032_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_47b39604ec534bb41efe04abe39e49a0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аԥсны иаҭааит Даӷьсҭантәи арегионалтә еиҿкаара "Мчыс иҟоу — акзаароуп" алахәылацәа
АҞӘА, цәыббра 26 - Sputnik. Бадра Гәынба Даӷьсҭаннтәи Арратә операциа ҷыда иалахәуи иҭахази аибашьцәа ранацәеи рыҳәсеи злахәу аделегациа идикылеит.
"Ҳара шәгәырҩа еилаҳкаауеит, избанзар Аԥсны иалҵыз жәаҩыла ҳаҷкәынцәа фырхацәа арратә операциа ҷыда афронқәа рҿы иҭахеит. Ҳара ҳзы игәадуроуп адунеи аиӷьтәразы ҳашьцәа еивагыланы иахьеибашьуа", — иҳәеит Гәынба.
Даӷьсҭантәи арегионалтә еиҿкаара "Мчыс иҟоу — акзаароуп" ареспубликахь ааԥхьара арҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд.
Асасцәа рзы еиҿкаауп аекскурсиақәа, агәалашәаратә ҭыԥқәа рҭаара, иҭахаз аԥсуа еибашьцәа ранацәа рԥылара. Аделегациа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа азгәаҭара иалахәхоит.