https://sputnik-abkhazia.info/20250929/1057877683.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Гуанчжоу ақалақь аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа "Food2China Expo 2025" ахы аланархәит. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа... 29.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-29T13:01+0300
2025-09-29T13:01+0300
2025-09-29T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/1d/1057877516_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_0f0bff7274ddb6757ed061a70c49ef19.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Гуанчжоу ақалақь аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа "Food2China Expo 2025" ахы аланархәит. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа аилазаараҿы иҟан анапхгара ахантәаҩы Асҭамыр Гагәылиа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Ҭамила Мерцхәлааԥҳа, аԥснытәи абизнес ахаҭарнакцәа. Ацәыргақәҵаҿы ареспублика аҭааҩцәа ирыднагалеит аҭыԥантәи аалыҵқәа аҩы, ауараш, аминералтә ӡы, алимонад, аџьыка. Аделегациа Гуандунтәи ахәаахәҭратә палата ахаҭарнакцәа ирԥылеит, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ирылацәажәеит. Аганқәа абизнес-миссиақәа реиҿкаареи Аԥснытәи аалыҵ аҭыԥантәи аџьармыкьаҿы аларҵәареи азԥхьагәазҭо Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.
Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизарахь ажәалагала наишьҭит Дамир Кәыҵниа актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы. Дамир Кәыҵниа диит мшаԥы 11 1979 шықәсазы Гәылрыԥшь араион аҿы, 2001 шықәса инаркны апрокуратура аусбарҭақәа рҿы аус иуан. Ԥхынҷкәын 12 2024 шықәса инаркны хәажәкыра 13 2025 шықәсанӡа Аԥсны апрокуратура хада анапхгаҩы инапынҵақәа наигӡон.
Лыхнытәи ашкол ашҭаҿы ашьапылампыл маҷ азы адәы дыргылоит. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иахьа уаҟа аусурақәа шцо гәеиҭеит. Иара еиуеиԥшым анапынҵақәа риҭеит, аҭахкааразы апроект аҿы иазгәаҭаз еиҳа иӷәӷәоу ала аԥсахра, аханатә иазгәаҭамыз атрибуна аргылара уҳәа. Аусура мызки бжаки-ҩымз рыла ихыркәшахоит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьаркыраҿы арлашагақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа хацыркуп. Аусурақәа мҩаԥыргоит "Нижни Новгород — Аҟәа аиҩызаратә ҭаӡара" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ақалақьи адгьылтә малқәеи рхархәаразы аусбарҭа Нижегородтәи ахеилак ахантәаҩы Светлана Помпаева Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, хыхьтәи аҩаӡараҿы 64 лашарбага рышьақәыргылара азгәаҭоуп. Аусура хыркәшахоит цәыббра 30 Аиааира амш азы.
Аԥсны Гуанчжоу ақалақь аҿы имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа "Food2China Expo 2025" ахы аланархәит. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аделегациа аилазаараҿы иҟан анапхгара ахантәаҩы Асҭамыр Гагәылиа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Ҭамила Мерцхәлааԥҳа, аԥснытәи абизнес ахаҭарнакцәа. Ацәыргақәҵаҿы ареспублика аҭааҩцәа ирыднагалеит аҭыԥантәи аалыҵқәа аҩы, ауараш, аминералтә ӡы, алимонад, аџьыка. Аделегациа Гуандунтәи ахәаахәҭратә палата ахаҭарнакцәа ирԥылеит, аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ирылацәажәеит. Аганқәа абизнес-миссиақәа реиҿкаареи Аԥснытәи аалыҵ аҭыԥантәи аџьармыкьаҿы аларҵәареи азԥхьагәазҭо Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит. Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба Жәлар Реизарахь ажәалагала наишьҭит Дамир Кәыҵниа актәи ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵаразы. Дамир Кәыҵниа диит мшаԥы 11 1979 шықәсазы Гәылрыԥшь араион аҿы, 2001 шықәса инаркны апрокуратура аусбарҭақәа рҿы аус иуан. Ԥхынҷкәын 12 2024 шықәса инаркны хәажәкыра 13 2025 шықәсанӡа Аԥсны апрокуратура хада анапхгаҩы инапынҵақәа наигӡон.Лыхнытәи ашкол ашҭаҿы ашьапылампыл маҷ азы адәы дыргылоит. Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иахьа уаҟа аусурақәа шцо гәеиҭеит. Иара еиуеиԥшым анапынҵақәа риҭеит, аҭахкааразы апроект аҿы иазгәаҭаз еиҳа иӷәӷәоу ала аԥсахра, аханатә иазгәаҭамыз атрибуна аргылара уҳәа. Аусура мызки бжаки-ҩымз рыла ихыркәшахоит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу агәашьаркыраҿы арлашагақәа рышьақәыргыларазы аусурақәа хацыркуп. Аусурақәа мҩаԥыргоит "Нижни Новгород — Аҟәа аиҩызаратә ҭаӡара" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ақалақьи адгьылтә малқәеи рхархәаразы аусбарҭа Нижегородтәи ахеилак ахантәаҩы Светлана Помпаева Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, хыхьтәи аҩаӡараҿы 64 лашарбага рышьақәыргылара азгәаҭоуп. Аусура хыркәшахоит цәыббра 30 Аиааира амш азы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/1d/1057877516_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_fde0ecbc30d3e2a99b21901facc00bf9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио