https://sputnik-abkhazia.info/20250929/ochamchyrei-aala-michurinski-auseitsurazy-aishaara-rybzhareit-1057901842.html
Очамчыреи ақалақь Мичурински аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Очамчыреи ақалақь Мичурински аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Очамчыреи Тамбовтәи аобласт ақалақь Мичурински аусеицуреи аҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳауеит Ochamchira_inform. 29.09.2025, Sputnik Аҧсны
2025-09-29T22:40+0300
2025-09-29T22:40+0300
2025-09-29T22:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052092211_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_79d8277dc317e2a88f7f2011f83ab675.jpg
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Очамчыреи Тамбовтәи аобласт ақалақь Мичурински аусеицуреи аҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳауеит Ochamchira_inform.Араион ахада Алхас Кациа инаҵшьны иазгәеиҭеит Мичуринск абиологиеи ақыҭанхамҩеи рҿы иԥхьагылоу атехнологиақәа рыла еицырдыруа аҭҵаарадырратә қалақьны ишыҟоу, насгьы аԥышәа аимдараз аинтерес шыҟоу. Мичуринск ақалақь ахада Максим Харников Очамчыра араион ақыҭанхамҩеи атуризми рҿы иамоу алшарақәа азгәеиҭеит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура ашьақәыргыларазы агәазыҳәара ааирԥшит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052092211_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_510dc09f9b713d278c34f6231e364836.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Очамчыреи ақалақь Мичурински аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
АҞӘА, цәыббра 29 - Sputnik. Очамчыреи Тамбовтәи аобласт ақалақь Мичурински аусеицуреи аҩызареи рзы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳауеит Ochamchira_inform.
Араион ахада Алхас Кациа инаҵшьны иазгәеиҭеит Мичуринск абиологиеи ақыҭанхамҩеи рҿы иԥхьагылоу атехнологиақәа рыла еицырдыруа аҭҵаарадырратә қалақьны ишыҟоу, насгьы аԥышәа аимдараз аинтерес шыҟоу.
Мичуринск ақалақь ахада Максим Харников Очамчыра араион ақыҭанхамҩеи атуризми рҿы иамоу алшарақәа азгәеиҭеит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура ашьақәыргыларазы агәазыҳәара ааирԥшит.