https://sputnik-abkhazia.info/20251001/alisa-gytsa-iv-lkonkurs-laboratoria-alakhkharazy-azyaa-rynashra-khyrkshoup-1057966497.html
Алиса Гыцԥҳа IV лконкурс-лабораториа алахәхаразы азыҳәақәа рынашьҭра хыркәшоуп
Алиса Гыцԥҳа IV лконкурс-лабораториа алахәхаразы азыҳәақәа рынашьҭра хыркәшоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Цәыббра 30 рзы иҟоу адыррақәа рыла аицлабра-лабораториа "Амузыка – бжьаӡарадеи ҳәаадеи аиҿцәажәара" алахәхаразы шәкы инареиҳаны... 01.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-01T10:00+0300
2025-10-01T10:00+0300
2025-10-01T10:25+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/1a/1048809179_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_1c90067684b987e6e1112d05d29ad102.jpg
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Цәыббра 30 рзы иҟоу адыррақәа рыла аицлабра-лабораториа "Амузыка – бжьаӡарадеи ҳәаадеи аиҿцәажәара" алахәхаразы шәкы инареиҳаны рзаҳал нарышьҭхьеит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцԥҳа.Лара лажәақәа рыла, арзаҳалқәа рыдкылара цәыббра 30 асааҭ 23:59 рзы ихыркәшахеит, аха алахәылацәа иааиуа амшқәа рзы иазымхо адокументқәа раашьҭраз алшара рыҭахоит. Актәи атур аихшьаалақәа жьҭаара 5 иахымгакәа ирылаҳәахоит.Алиса Гыцԥҳа еиҿылкаауа аицлабра-лабораториа ҩ-ҭыԥк рҿы имҩаԥысуеит – акы Аԥсны, егьи Москва. Аконцерт хада жьҭаара 23 рзы имҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Апроект анагӡара мҩаԥысуеит акультуратә ԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонди Аԥсны аиҳабыреи рыцхыраарала. Аицлабра иалахәылацәоуп Аԥсни Урыстәылеи рхаҭарнакцәа рыдагьы, Европеи Латинтәи Америка атәылақәеи рхаҭарнакцәагьы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/1a/1048809179_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_c74abeca387d358080576d65ab5083a5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Алиса Гыцԥҳа IV лконкурс-лабораториа алахәхаразы азыҳәақәа рынашьҭра хыркәшоуп
10:00 01.10.2025 (ирҿыцуп: 10:25 01.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Цәыббра 30 рзы иҟоу адыррақәа рыла аицлабра-лабораториа "Амузыка – бжьаӡарадеи ҳәаадеи аиҿцәажәара" алахәхаразы шәкы инареиҳаны рзаҳал нарышьҭхьеит, абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны Жәлар рартист, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алиса Гыцԥҳа.
"Ари аицлабра ԥшьынтәуп имҩаԥызгоижьҭеи, иагьгәасҭеит арзаҳалқәа реиҳарак аҵыхәтәантәи асааҭқәа рзы ишаауа. Уи зыхҟьо ҳаԥҟарақәа рыла авидео алхра ахьҭаху азы акәзар ҟалоит, ҳәарада, алахәылацәа ахаҭабзиара ҳарак змоу аҭаҩра аиқәыршәара рҽазыршәоит", — лҳәеит Гыцба.
Лара лажәақәа рыла, арзаҳалқәа рыдкылара цәыббра 30 асааҭ 23:59 рзы ихыркәшахеит, аха алахәылацәа иааиуа амшқәа рзы иазымхо адокументқәа раашьҭраз алшара рыҭахоит. Актәи атур аихшьаалақәа жьҭаара 5 иахымгакәа ирылаҳәахоит.
Алиса Гыцԥҳа еиҿылкаауа аицлабра-лабораториа ҩ-ҭыԥк рҿы имҩаԥысуеит – акы Аԥсны, егьи Москва. Аконцерт хада жьҭаара 23 рзы имҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Апроект анагӡара мҩаԥысуеит акультуратә ԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонди Аԥсны аиҳабыреи рыцхыраарала. Аицлабра иалахәылацәоуп Аԥсни Урыстәылеи рхаҭарнакцәа рыдагьы, Европеи Латинтәи Америка атәылақәеи рхаҭарнакцәагьы.