https://sputnik-abkhazia.info/20251001/azakan-eiamua-amazara-akadastr-amch-aiuit-asny-1057966020.html
Азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр" амч аиуит Аԥсны
Азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр" амч аиуит Аԥсны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр" амч аиуит Аԥсны. 01.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-01T10:23+0300
2025-10-01T10:23+0300
2025-10-01T10:23+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/03/1053050781_0:161:3067:1886_1920x0_80_0_0_d2936435770ea2dd486b3d361b8d0017.jpg
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр" амч аиуит Аԥсны.Азакәан хықәкы хадас иамоуп атәылауаа уаанӡа ашәҟәы иҭагалаз рзинқәа реиҭаҭаҩра. Иара убас, Акадастртә палата аҳәынҭқарратә информациатә портал аартра азԥхьагәаҭоуп, уа акадастр иазку адыррақәа зегьы рыԥшаара алыршахоит, иара убас, ахсаалақәеи, асахемақәеи, аҵәаӷәанҵақәа, адыррақәа рфонд рбаразы агеопортал аԥҵахоит. 2024 шықәса абҵарамза 24 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы "Еиҭамҵуа амал акадастр азы" азакәан рыдыркылеит. Уи ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы амч аиур акәын. Уаанӡа атәылаҿы еиҭамҵуа амазараз азинқәа рҭаҩреи урҭ рзы адыррақәа рыҵәахреи рзы иаку асистема ыҟамызт.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/0c/03/1053050781_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_9bb441e0dd7f565d3b0ecd47ba93304f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр" амч аиуит Аԥсны
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Азакәан "Еиҭамҵуа амазара акадастр" амч аиуит Аԥсны.
Уажәшьҭа, азакәантә ҵакы змоу анхарҭатә усқәа рымҩаԥгаразы, акадастртә шәҟәҭагалареи амазара азинқәа реиҭашәҟәҭагалареи рыҭара хымԥадатәиуп.
Азакәан хықәкы хадас иамоуп атәылауаа уаанӡа ашәҟәы иҭагалаз рзинқәа реиҭаҭаҩра.
Иара убас, Акадастртә палата аҳәынҭқарратә информациатә портал аартра азԥхьагәаҭоуп, уа акадастр иазку адыррақәа зегьы рыԥшаара алыршахоит, иара убас, ахсаалақәеи, асахемақәеи, аҵәаӷәанҵақәа, адыррақәа рфонд рбаразы агеопортал аԥҵахоит.
2024 шықәса абҵарамза 24 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы "Еиҭамҵуа амал акадастр азы" азакәан рыдыркылеит. Уи ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы амч аиур акәын. Уаанӡа атәылаҿы еиҭамҵуа амазараз азинқәа рҭаҩреи урҭ рзы адыррақәа рыҵәахреи рзы иаку асистема ыҟамызт.