https://sputnik-abkhazia.info/20251001/kavkaz-aourykhaatsa-zhlarbzharati-rforum-aatit-aa-1057973962.html
Аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум аатит Аҟәа
Аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум аатит Аҟәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аҟәа иаатит аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум "Кавказ ажәларқәа XVIII-XXI ашәышықәсақәа рзы: аҭоурых... 01.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-01T12:30+0300
2025-10-01T12:30+0300
2025-10-01T13:10+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/01/1057972258_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_b2ac55d3e235558d07043bd839998ffc.jpg
АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аҟәа иаатит аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум "Кавказ ажәларқәа XVIII-XXI ашәышықәсақәа рзы: аҭоурых, аполитика, акультура".Аҭҵаарадырратә форум Аԥсны, Урыстәыла, Узбекисҭан, Ҟазахсҭан, Ермантәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа рҟынтәи 250-ҩык рҟынӡа аҵарауаа рхы аладырхәуит.Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иахьа зубилеи азгәазҭо ареспублика раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳаи. Жьҭаара 4 рҟынӡа имҩаԥысуа афорум Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵреи, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵреи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 100 шықәса ахыҵреи ирызкуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/01/1057972258_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_f0fec58a7c9c6d23b7ed91f09cfed630.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум аатит Аҟәа
12:30 01.10.2025 (ирҿыцуп: 13:10 01.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 1 - Sputnik. Аҟәа иаатит аҭоурыхҭҵааҩцәа-кавказҭҵааҩцәа XII Жәларбжьаратәи рфорум "Кавказ ажәларқәа XVIII-XXI ашәышықәсақәа рзы: аҭоурых, аполитика, акультура".
Аҭҵаарадырратә форум Аԥсны, Урыстәыла, Узбекисҭан, Ҟазахсҭан, Ермантәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа рҟынтәи 250-ҩык рҟынӡа аҵарауаа рхы аладырхәуит.
"Машәыршақә акәӡам кавказҭҵааҩцәа Жәларбжьаратәи рфорум раԥхьаӡа акәны Аԥсны иахьымҩаԥысуа, аԥсуаҭҵаара кавказҭҵаара иахәҭакуп", — азгәеиҭеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи иахьа зубилеи азгәазҭо ареспублика раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳаи.
Жьҭаара 4 рҟынӡа имҩаԥысуа афорум Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵреи, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵреи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт 100 шықәса ахыҵреи ирызкуп.