https://sputnik-abkhazia.info/20251003/1058034226.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Адәахьтәи амчқәа рактивра еизҳацыԥхьаӡа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Аладатәи Кавказ аҿы ирымоу аҵакы еиҳагьы ахә ҳаракны иршьоит, ҳәа иазгәеиҭеит аполитолог Беслан... 03.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-03T13:01+0300
2025-10-03T13:01+0300
2025-10-03T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/03/1058034060_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_dd8b28851d1c019a61f6a42479a8aabc.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Адәахьтәи амчқәа рактивра еизҳацыԥхьаӡа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Аладатәи Кавказ аҿы ирымоу аҵакы еиҳагьы ахә ҳаракны иршьоит, ҳәа иазгәеиҭеит аполитолог Беслан Камкьиа.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари арҭ арегионқәагьы зҵазкуа жәларбжьаратәи аибарххара жьҭаарамза 1 азы Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара амзызқәа ишреиуоу."Аахыҵ-Кавказгьы уахь иналаҵаны, Жәларбжьаратәи аибарххара арегионқәа зегьы ирныруеит. Ҳәарада, уаанӡа иазԥхьагәаҭаз азҵаарақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рылаԥш иаҵанакуеит", ҳәа иазгәеиҭеит аексперт.
Аԥсны аусура иалагоит асоциалтә проект "Икоммерциатәым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рыцхыраара".Ахықәкы хаданы иҟоуп аус адыррақәа рыҿиара, аԥышәа аимдара, икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыбжьара агәҭынчымра аԥырҟәҟәаара, иара убас Урыстәылеи Аԥснытәи икоммерциатәым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рыбжьара аимадара арӷәӷәара.Апроект жьҭаара 15 рзы ихацыркхоит, иара хәымш имҩаԥысуеит. Алахәылацәа рзы еиҿкаахоит алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи.Аиҿкааҩцәа – урыстәылатәи аиҿкаара "Ставрополь —узеигәырӷьаша ажәра ", аԥсуа культуратә фонд "Платформа".
Гагра араион аҿы 230 нызқь мааҭ рҟынӡа зыхәԥса ыҟоу аҭаҭын аалыҵ рымырхит.Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу адәқьан аҿы 77 аелектронтә сигарети урҭ рзы 9 шьушьак аӡшьари рыԥшааит. Гагра ақалақь аҿы иҟоу даҽа дәқьанк аҿы 91 аелектронтә сигарети урҭ рзы 5 шьушьак аӡшьари рбеит.Аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазелхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы идәықәҵоуп.
Иацы Аҟәа Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы иаатит есышықәса имҩаԥысуа аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Риҵа арифмақәа". Сынтәа уи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкуп. Афестиваль иалахәуп Ҟарачы-Черқьессиа, Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариантәи апоетцәа.Аартраан апроект автор, апоетесса Зарина Ҟаныҟәеи Ҟарачы-Черқьесстәи апоет Артур Кенчешаови аԥсшәахь еиҭагоу рышәҟәқәа аӡыргара мҩаԥган.Иахьа уи алахәылацәа Баграт ишьхаҿы еиқәшәоит, жьҭаара 4 рзы — аӡиа Риҵа.
Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз ашахматтә еицлабраҿы аиааира згаз еилкаахеит. Аԥснытәи ашахматист Нестор Багаҭелиа актәи аҭыԥ ааникылеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Сергеи Миносиан аветеранцәа рыбжьара аиааира игеит. Арԥарцәа рыбжьара Богдан Турков аиааира игеит, аҭыԥҳацәа рыбжьара Сарида Лакәатааԥҳа.
Адәахьтәи амчқәа рактивра еизҳацыԥхьаӡа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Аладатәи Кавказ аҿы ирымоу аҵакы еиҳагьы ахә ҳаракны иршьоит, ҳәа иазгәеиҭеит аполитолог Беслан Камкьиа.Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари арҭ арегионқәагьы зҵазкуа жәларбжьаратәи аибарххара жьҭаарамза 1 азы Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рминистрцәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара амзызқәа ишреиуоу."Аахыҵ-Кавказгьы уахь иналаҵаны, Жәларбжьаратәи аибарххара арегионқәа зегьы ирныруеит. Ҳәарада, уаанӡа иазԥхьагәаҭаз азҵаарақәа Адәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рылаԥш иаҵанакуеит", ҳәа иазгәеиҭеит аексперт.Аԥсны аусура иалагоит асоциалтә проект "Икоммерциатәым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рыцхыраара".Ахықәкы хаданы иҟоуп аус адыррақәа рыҿиара, аԥышәа аимдара, икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыбжьара агәҭынчымра аԥырҟәҟәаара, иара убас Урыстәылеи Аԥснытәи икоммерциатәым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа рыбжьара аимадара арӷәӷәара.Апроект жьҭаара 15 рзы ихацыркхоит, иара хәымш имҩаԥысуеит. Алахәылацәа рзы еиҿкаахоит алекциақәеи аҟазаратә-классқәеи.Аиҿкааҩцәа – урыстәылатәи аиҿкаара "Ставрополь —узеигәырӷьаша ажәра ", аԥсуа культуратә фонд "Платформа".Гагра араион аҿы 230 нызқь мааҭ рҟынӡа зыхәԥса ыҟоу аҭаҭын аалыҵ рымырхит.Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу адәқьан аҿы 77 аелектронтә сигарети урҭ рзы 9 шьушьак аӡшьари рыԥшааит. Гагра ақалақь аҿы иҟоу даҽа дәқьанк аҿы 91 аелектронтә сигарети урҭ рзы 5 шьушьак аӡшьари рбеит.Аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусеилыргареи аҳазелхратә ҭҵаарақәеи рыҟәшахьы идәықәҵоуп.Иацы Аҟәа Арратә Ахьӡ-Аԥша амузеи аҿы иаатит есышықәса имҩаԥысуа аԥсуа-адыга литературатә фестиваль "Риҵа арифмақәа". Сынтәа уи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкуп. Афестиваль иалахәуп Ҟарачы-Черқьессиа, Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариантәи апоетцәа.Аартраан апроект автор, апоетесса Зарина Ҟаныҟәеи Ҟарачы-Черқьесстәи апоет Артур Кенчешаови аԥсшәахь еиҭагоу рышәҟәқәа аӡыргара мҩаԥган.Иахьа уи алахәылацәа Баграт ишьхаҿы еиқәшәоит, жьҭаара 4 рзы — аӡиа Риҵа.Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазкыз ашахматтә еицлабраҿы аиааира згаз еилкаахеит. Аԥснытәи ашахматист Нестор Багаҭелиа актәи аҭыԥ ааникылеит ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Сергеи Миносиан аветеранцәа рыбжьара аиааира игеит. Арԥарцәа рыбжьара Богдан Турков аиааира игеит, аҭыԥҳацәа рыбжьара Сарида Лакәатааԥҳа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/03/1058034060_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_3f5c44471dbef877c2687473cc1a4975.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио