https://sputnik-abkhazia.info/20251004/akakan-ymka-aryts-uzagylkhuam-akakan-iazku-dyrraak-1057863237.html
"Акакан ԥымҽкәа арыц узагәылхуам": акакан иазку дыррақәак
"Акакан ԥымҽкәа арыц узагәылхуам": акакан иазку дыррақәак
Sputnik Аҧсны
Акҿаҩраҿи жәлар рмедицинаҿи хархәара змоу, ауаҩы игәабзиаразы изҩыдоу акакан иазкны дыррақәак ҳадылгалоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа. 04.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-04T11:55+0300
2025-10-04T11:55+0300
2025-10-04T11:55+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102132/24/1021322460_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_10d33c5f8132a60ac9e6325b7772e0f6.jpg
Араҵла ажәла – Акакан арыцоуп.Исрыԥхуан сныҳәо аџьынџьыхәа,Акакан рыццыԥхьаӡа.Белла Барцыцԥҳа"Аԥсуа асас диҭаар, ихәы ишахәҭоу идырхиаанӡа ажьаӷьуатка цәырыргоит. Ҩба-хԥа фырџьан ржәуеит хыжәлас араса, ахәырмарҩа, акакан, ашә ххы адгаланы. Уи аритуал "афырџьанкра" ахьӡуп" - абас лыҩуан аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩы Цира Габниа.Амедицина аганахьала уазнеиуазар, акакан иалоуп авитаминқәеи аминералқәеи рацәаны. Акакан инамыцхәымкәа иуфалар, ухшыҩ аусура иацхраауеит, уцәа-ужьы иазеиӷьуп, агәи адақәеи русуразы хәарҭара алоуп.Акакани акҿаҩреи аиҩызара рыбжьоуп. Акакан иалху аџьынџьыхәа хаакәакәароуп, уи агьама зымбац ицәыӡыз рацәаӡоуп. Ганкахьала адуцәа ауаткаҿы хжәылас рхы иадырхәоит, даҽа ганкахьала ахәыҷқәа рқьышә аччаԥшь ықәызҵо, изеишәарыцо хаатәуп.Аҳәса акҿаҩракны акакан иалырхуеит "унацәа наздуфалаша" асыӡбал. Акакан сыӡбал арашы хыҵәҵәала, акәтыжь наваргыланы аишәа арԥшӡоит, игәылнарҭәаауеит, узмырԥхашьоу сас чысуп.Акакани жәлар рмедицинеиАкакани уи зҿало араҵлеи жәлар рмедицинаҿы еиуеиԥшым ачымазарақәа ралыргараҿы хархәара азыруан. Ҳарзааҭгылап ҿырԥштәқәак:Ажәаԥҟақәа рдунеи ахьтә"Акакан зымҵо ара аҳәақәа азнеиуеит". Бзиа иҟоу ауаҩы, аԥара-амал зыцааиуа, ианакәзаалак имҵақьаҵо, ицашьыцуа рацәаҩхоит."Ара абӷьы ҟьаҟьоуп ҳәа уаҵамгылан, аҳа абӷьы ссоуп ҳәа уаҵымҵын". Аԥсҭазаара махәҭарацәала еиларсуп, узну амҩаҟны еиуеиԥшым ауаа уԥылоит. Урҭ ирҳәогьы урҳала, аха ухатәы мҩала уцала, убри ауп иҳанаҳәо ажәаԥҟа."Акакан ԥымҽкәа арыц узагәылхуам". Ухы аџьабаа аумырбакәа ахала акгьы шыҟамло ауп иҳанаҳәо ажәаԥҟа."Ара ҟәыбо, аҳәагьы уҵцо, аӡәы ихала изыҟаҵом". Зеидбалара цәгьоу, зеицыҟаҵара мариам аусқәа аӡәы ианидхалалак абас рҳәоит.Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102132/24/1021322460_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_693f1139158119e0d70e956ac70306d9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа, аԥсны
"Акакан ԥымҽкәа арыц узагәылхуам": акакан иазку дыррақәак
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Акҿаҩраҿи жәлар рмедицинаҿи хархәара змоу, ауаҩы игәабзиаразы изҩыдоу акакан иазкны дыррақәак ҳадылгалоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Араҵла ажәла – Акакан арыцоуп.
Исрыԥхуан сныҳәо аџьынџьыхәа,
"Аԥсуа асас диҭаар, ихәы ишахәҭоу идырхиаанӡа ажьаӷьуатка цәырыргоит. Ҩба-хԥа фырџьан ржәуеит хыжәлас араса, ахәырмарҩа, акакан, ашә ххы адгаланы. Уи аритуал "афырџьанкра" ахьӡуп" - абас лыҩуан аҵарауаҩ, афольклорҭҵааҩы Цира Габниа.
Акакан ԥсабарала убас ишоуп, иангәылухлак, агәҭа иахьазеиԥшу иааиҩурԥоит. Убри азакәхап, акакан иахҳәаау ацуфара маанала изцәажәо "Сычуан хәыҷы ҩ-ҿахрак абысҭа зҭыҵуа" ҳәа.
Амедицина аганахьала уазнеиуазар, акакан иалоуп авитаминқәеи аминералқәеи рацәаны. Акакан инамыцхәымкәа иуфалар, ухшыҩ аусура иацхраауеит, уцәа-ужьы иазеиӷьуп, агәи адақәеи русуразы хәарҭара алоуп.
Акакани акҿаҩреи аиҩызара рыбжьоуп. Акакан иалху аџьынџьыхәа хаакәакәароуп, уи агьама зымбац ицәыӡыз рацәаӡоуп. Ганкахьала адуцәа ауаткаҿы хжәылас рхы иадырхәоит, даҽа ганкахьала ахәыҷқәа рқьышә аччаԥшь ықәызҵо, изеишәарыцо хаатәуп.
Аҳәса акҿаҩракны акакан иалырхуеит "унацәа наздуфалаша" асыӡбал. Акакан сыӡбал арашы хыҵәҵәала, акәтыжь наваргыланы аишәа арԥшӡоит, игәылнарҭәаауеит, узмырԥхашьоу сас чысуп.
Акакани уи зҿало араҵлеи жәлар рмедицинаҿы еиуеиԥшым ачымазарақәа ралыргараҿы хархәара азыруан. Ҳарзааҭгылап ҿырԥштәқәак:
Аус анууа унацәкьыс цәҟьар, ак алалар, хырҩаа амҭакәа ус иаанхар, аҭәа анҭалалак, ахьаа узцәырҵуеит. Жәлар рмедицинаҿы уи "анацәхкәырша" азырҳәоит (урысшәала иуҳәозар "ногтоеда"). Уи аҩыза аҭагылазаашьаҿы акакан кылхны, анацәкьыс ашәра иахьалагаз аҭыԥ иақәҵаны иҿарҳәон.
Аԥҳәызба лхахәы цырцыруа иҟалар лҭахызҭгьы акакан иалҵуаз арашы ахьылшьуан, нас дук хара имгакәа илҿышуан.
Араҵла абыӷьқәа ыргәӡаны ҵәыцак аӡыршы ахаҭәаны, сааҭк иааныжьтәуп. Ашьҭахьы иаараӡаны, мышк хәлаанӡа ҿамҩа-ҿамҩа иужәуеит.
Ахаԥыцхьаа аанкыларазы - араҵла адац аӡы аҵаҭәаны ибзианы еилауршуеит, иалҵыз ахәшә ухаԥыцқәа ирыҵуршалоит.
Ашьамххьаа умазар, араҵла абыӷьқәа аӡы ахьеилашуа иахакны, ахылҩа-ԥсылҩа арсны, ишыԥха-ԥхо ирықәырҵон.
Абаҩ хьаа ахәшәтәразы иҟарҵоз акәны иҟан - араҵла абыӷьқәеи амахәқәеи, алаҳа абыӷьқәеи, амҵырбӷьи (травенистая бузина) ааилаҵаны, аӡы аҵаҭәаны аиларш ҟарҵон. Убри ала ирыхьуаз аҭыԥқәа ҿырыӡәӡәаауан, ршьапы ӡаадыргылон.
"Акакан зымҵо ара аҳәақәа азнеиуеит". Бзиа иҟоу ауаҩы, аԥара-амал зыцааиуа, ианакәзаалак имҵақьаҵо, ицашьыцуа рацәаҩхоит.
"Ара абӷьы ҟьаҟьоуп ҳәа уаҵамгылан, аҳа абӷьы ссоуп ҳәа уаҵымҵын". Аԥсҭазаара махәҭарацәала еиларсуп, узну амҩаҟны еиуеиԥшым ауаа уԥылоит. Урҭ ирҳәогьы урҳала, аха ухатәы мҩала уцала, убри ауп иҳанаҳәо ажәаԥҟа.
"Акакан ԥымҽкәа арыц узагәылхуам". Ухы аџьабаа аумырбакәа ахала акгьы шыҟамло ауп иҳанаҳәо ажәаԥҟа.
"Ара ҟәыбо, аҳәагьы уҵцо, аӡәы ихала изыҟаҵом". Зеидбалара цәгьоу, зеицыҟаҵара мариам аусқәа аӡәы ианидхалалак абас рҳәоит.
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".