https://sputnik-abkhazia.info/20251007/1058126245.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Аԥсны акоманда" — амилаҭтә идеиа азааигәахара иаҿуп ҳәа азиԥхьаӡоит "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Андреи Бетин. Аҟәа имҩаԥысуа афорум аҿы... 07.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-07T18:01+0300
2025-10-07T18:01+0300
2025-10-07T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/07/1058126079_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_81149839c668cdc93d40da3984b9d9b0.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
"Аԥсны акоманда" — амилаҭтә идеиа азааигәахара иаҿуп ҳәа азиԥхьаӡоит "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Андреи Бетин. Аҟәа имҩаԥысуа афорум аҿы данықәгылоз иара иҳәеит, Урыстәыла раԥхьатәи аицлабра "Аԥхьагылаҩцәа" аа-шықәса раԥхьа аусура ишалагаз, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны 25 миллионҩык рхы шаладырхәыз. Абри аԥышәа зегьы "Аԥсны акоманда" аҿы ахархәара аҭоуп.
Аԥсны атуристтә индустриа ҽаԥарак ԥхьаҟа изгаша аӡбарақәа аҭахуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атуризм аминистр, афорум "Аԥсны акоманда" атематикатә секциа амодератор Асҭамыр Логәуа.Уи иазгәеиҭеит аусхк ирласны аҿиара ишаҿу, ареспублика агәыларатәи атәылақәа рацлабразы аԥыжәара змоу аӡбарақәеи аинтерес зҵоу ажәалагалақәеи шаҭаху.Логәуа аусбарҭазы акыр ихәарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит зыпроектқәеи заԥшьгарақәеи рынагӡара иаҿу "Аԥсны акоманда" алахәылацәа, аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәагьы налаҵан.
Иазыҟаҵам аплиажқәа роуп амшын аҿы ауаа рҭахара еиҳарак зыхҟьо иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа Sputnik апресс-центр аҿы. "Ауаа аӡәгьы дырхылаԥшӡом, дара ахара иӡсоит. Ҽынла, ашоура аныҟоу, еиҳарак зықәрахь инеихьоу, аӡаҿы рхы бааԥсны ирбар рылшоит, шьҭахьҟа аӡсаразы амч рмоур ауеит", – ҳәа азгәеиҭеит иара. Сабуа иара убас иҳәеит ареспублика иаҭаауа шьоукы-шьоукы амшынеисраангьы аӡы ишҭало, мамзаргьы арыжәтә ыжәны ишҭало, уи арыцҳарахь ишкылнаго.
*Чехов иҩымҭа "Аҷныш" аԥхьарбара ҟалоит РУСДРАМ аҿы абҵара 20-21 рзы. Ари асезон азы раԥхьатәи премьерахоит, уи адагьы, ари аҩымҭа Аԥсны раԥхьаӡа акәны иқәдыргылоит ҳәа рҳәеит атеатр аҿы. Арежиссиор — Роман Кочержевски. Аспектакль "Аурыс сезонқәеи" Урыстәыла акультура аминистрреи рыцхыраарала иқәыргылахоит.
"Аԥсны акоманда" — амилаҭтә идеиа азааигәахара иаҿуп ҳәа азиԥхьаӡоит "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Андреи Бетин. Аҟәа имҩаԥысуа афорум аҿы данықәгылоз иара иҳәеит, Урыстәыла раԥхьатәи аицлабра "Аԥхьагылаҩцәа" аа-шықәса раԥхьа аусура ишалагаз, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны 25 миллионҩык рхы шаладырхәыз. Абри аԥышәа зегьы "Аԥсны акоманда" аҿы ахархәара аҭоуп. Аԥсны атуристтә индустриа ҽаԥарак ԥхьаҟа изгаша аӡбарақәа аҭахуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атуризм аминистр, афорум "Аԥсны акоманда" атематикатә секциа амодератор Асҭамыр Логәуа.Уи иазгәеиҭеит аусхк ирласны аҿиара ишаҿу, ареспублика агәыларатәи атәылақәа рацлабразы аԥыжәара змоу аӡбарақәеи аинтерес зҵоу ажәалагалақәеи шаҭаху.Логәуа аусбарҭазы акыр ихәарҭоуп ҳәа азгәеиҭеит зыпроектқәеи заԥшьгарақәеи рынагӡара иаҿу "Аԥсны акоманда" алахәылацәа, аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәылацәагьы налаҵан.Иазыҟаҵам аплиажқәа роуп амшын аҿы ауаа рҭахара еиҳарак зыхҟьо иҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа Sputnik апресс-центр аҿы. "Ауаа аӡәгьы дырхылаԥшӡом, дара ахара иӡсоит. Ҽынла, ашоура аныҟоу, еиҳарак зықәрахь инеихьоу, аӡаҿы рхы бааԥсны ирбар рылшоит, шьҭахьҟа аӡсаразы амч рмоур ауеит", – ҳәа азгәеиҭеит иара. Сабуа иара убас иҳәеит ареспублика иаҭаауа шьоукы-шьоукы амшынеисраангьы аӡы ишҭало, мамзаргьы арыжәтә ыжәны ишҭало, уи арыцҳарахь ишкылнаго.*Чехов иҩымҭа "Аҷныш" аԥхьарбара ҟалоит РУСДРАМ аҿы абҵара 20-21 рзы. Ари асезон азы раԥхьатәи премьерахоит, уи адагьы, ари аҩымҭа Аԥсны раԥхьаӡа акәны иқәдыргылоит ҳәа рҳәеит атеатр аҿы. Арежиссиор — Роман Кочержевски. Аспектакль "Аурыс сезонқәеи" Урыстәыла акультура аминистрреи рыцхыраарала иқәыргылахоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/07/1058126079_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_0c0bb0e3ea4c984bc6908ce026b31ac6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио