https://sputnik-abkhazia.info/20251010/1058196704.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада иусбарҭаҿы Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәараҿы ацитрустә шәырқәа рекспорт иалацәажәеит. Аилацәажәара рхы аладырхәит Аминистрцәа... 10.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-10T18:01+0300
2025-10-10T18:01+0300
2025-10-10T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0a/1058196538_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7e75578bbef7f9b117f9262ece90a75a.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада иусбарҭаҿы Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәараҿы ацитрустә шәырқәа рекспорт иалацәажәеит. Аилацәажәара рхы аладырхәит Аминистрцәа реилазаара, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Аҳәынҭстандарт, Акарантинтә инспекциа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата рхаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Гәынба иазгәеиҭеит, анапхгара ишырусу зтауар атәыла анҭыҵҟа идәықәызҵо аарыхыҩцәа иахьынӡазалшо ала ацхыраара рыҭара.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәа аҿагыларазы хнызқь урыстәылатәи алаҵа хәҭак аанахәеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра афтизиопульмонологиеи аҿкычмазарақәеи рзы Амилаҭтә медицинатә центр аклиникатә вирусологиа ацентр аиҳабы Мариа Ласеева. "Алаҵа амедицинатә усбарҭақәа рахь инагоуп, уаҟа уи хәыда-ԥсада иуоур ауеит", — ҳәа лҳәеитлара. Алаҵа шәарҭадоуп, урҭ есышықәса иҭрыжьуеит еиҳа ирылаҵәаз аштаммқәа ирҿырԥшу аиҭакрақәа ҳасаб рзуны.
Аҵара аминистрра апроект "Аԥсны аполиклиникақәа рҿы ахәыҷтәы уадақәа" ҳамҭас ианаҭеит аԥсуа шәҟәқәа "Анбани" "Пиноккио ихҭысқәеи". Иааизакны 20 шәҟәы рырҭеит, уада-цыԥхьаӡа ҩба-ҩба аиуратә еиԥш. Апроект автор Есма Ҟалӷьԥҳа иазгәалҭеит, ашәҟәқәа ҳамҭас риура апроект анагӡаразы акыр зҵазкуа шлагалоу. Азеиԥшбжьаратәии азанааҭтәии аҵарадырра аҟәша аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа инаҵшьны иазгәалҭеит ҷыдала аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ирызкны аусбарҭа еснагь аиҿцәажәареи аусеицуреи ишазыхиоу.
Аҟармара аҳаблаҿы амҩан амашәыр зыхьыз амашьына аанкылага еихәлашәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ААИ аиҳабы Дамеи Аҩӡба. Иара иазгәеиҭеит, УАЗ аныҟәцаҩ аҳақьымтә гәаҭара дшахысыз арыжәтә, ма анаркотикатә маҭәашьарқәа идкылан дшыҟамыз. Амашәыр ҟалеит Аҟармара аҳаблаҿы жьҭаара 9 рзы. Ааха зауз рҟынтәи аӡәы дԥырҟеит хҩык ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, ҩыџьа амбулатортә хәшәтәра иахысуеит.
Аԥсны Ахада иусбарҭаҿы Бадра Гәынба ихантәаҩрала имҩаԥысыз аилатәараҿы ацитрустә шәырқәа рекспорт иалацәажәеит. Аилацәажәара рхы аладырхәит Аминистрцәа реилазаара, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура, Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы, Аҳәынҭстандарт, Акарантинтә инспекциа, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата рхаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Гәынба иазгәеиҭеит, анапхгара ишырусу зтауар атәыла анҭыҵҟа идәықәызҵо аарыхыҩцәа иахьынӡазалшо ала ацхыраара рыҭара. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра аимҳәа аҿагыларазы хнызқь урыстәылатәи алаҵа хәҭак аанахәеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра афтизиопульмонологиеи аҿкычмазарақәеи рзы Амилаҭтә медицинатә центр аклиникатә вирусологиа ацентр аиҳабы Мариа Ласеева. "Алаҵа амедицинатә усбарҭақәа рахь инагоуп, уаҟа уи хәыда-ԥсада иуоур ауеит", — ҳәа лҳәеитлара. Алаҵа шәарҭадоуп, урҭ есышықәса иҭрыжьуеит еиҳа ирылаҵәаз аштаммқәа ирҿырԥшу аиҭакрақәа ҳасаб рзуны. Аҵара аминистрра апроект "Аԥсны аполиклиникақәа рҿы ахәыҷтәы уадақәа" ҳамҭас ианаҭеит аԥсуа шәҟәқәа "Анбани" "Пиноккио ихҭысқәеи". Иааизакны 20 шәҟәы рырҭеит, уада-цыԥхьаӡа ҩба-ҩба аиуратә еиԥш. Апроект автор Есма Ҟалӷьԥҳа иазгәалҭеит, ашәҟәқәа ҳамҭас риура апроект анагӡаразы акыр зҵазкуа шлагалоу. Азеиԥшбжьаратәии азанааҭтәии аҵарадырра аҟәша аиҳабы Маиа Цыбулевскаиа инаҵшьны иазгәалҭеит ҷыдала аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи ирызкны аусбарҭа еснагь аиҿцәажәареи аусеицуреи ишазыхиоу. Аҟармара аҳаблаҿы амҩан амашәыр зыхьыз амашьына аанкылага еихәлашәеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ААИ аиҳабы Дамеи Аҩӡба. Иара иазгәеиҭеит, УАЗ аныҟәцаҩ аҳақьымтә гәаҭара дшахысыз арыжәтә, ма анаркотикатә маҭәашьарқәа идкылан дшыҟамыз. Амашәыр ҟалеит Аҟармара аҳаблаҿы жьҭаара 9 рзы. Ааха зауз рҟынтәи аӡәы дԥырҟеит хҩык ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, ҩыџьа амбулатортә хәшәтәра иахысуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0a/1058196538_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_4f6d4f3d36d0d938777b2994cd4e8cf7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио