https://sputnik-abkhazia.info/20251011/amatsys-a-asit-adler-azaaigara-ashkharay-zhaaramza-10-aukha-1058204637.html
Амацәыс ӷәӷәа асит Адлер азааигәара ашьхараҿы жьҭаарамза 10 ауха
Амацәыс ӷәӷәа асит Адлер азааигәара ашьхараҿы жьҭаарамза 10 ауха
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Амацәыс ӷәӷәа асит Адлер азааигәара ашьхараҿы жьҭаарамза 10 ауха. 11.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-11T10:36+0300
2025-10-11T10:36+0300
2025-10-11T10:52+0300
урыстәыла
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/04/1047798558_0:1383:1811:2402_1920x0_80_0_0_7744c353a7a2a9b1bd4285666fbe3d62.jpg
АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Амацәыс ӷәӷәа асит Адлер азааигәара ашьхараҿы жьҭаарамза 10 ауха. Уи афымца амч 376 килоампер иҟан, абжьааԥны 20-30 килоампер рҟынӡа ауп ишыҟалало ҳәа и-Telegram-канал аҿы иҩит аҳауагәаҭаратә центр "Фобос" аспециалист хада Евгени Тишковец. "Москватәи аамҭала асааҭ 1:35 рзы Адлер азааигәара ашьхараҿы 376 килоампер зымч ыҟаз амацәыс асит, уи аҳауахьчаратә системақәа русура иадукылар ҟалон", — ҳәа иҩит иара. Шәача ақәа ӷәӷәаны илеит, аԥсшьарамшқәа раангьы иаулоит — аҳауагәаҭаҩцәа иазԥхьагәарҭоит мызктәи анорма леиуеит ҳәа. Сириус амҩақәа ԥыҭк аӡы рхыҵәеит, ашьхақәа рҿы асы леит. Шәача амшцәгьазы ирыларҳәаз агәаҽанызаара жьҭаарамза 12 рҟынӡа амч амазаауеит.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/09/04/1047798558_0:1213:1811:2571_1920x0_80_0_0_ba7015cfdd5a632335ef1b787b9c8c7e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Амацәыс ӷәӷәа асит Адлер азааигәара ашьхараҿы жьҭаарамза 10 ауха
10:36 11.10.2025 (ирҿыцуп: 10:52 11.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Амацәыс ӷәӷәа асит Адлер азааигәара ашьхараҿы жьҭаарамза 10 ауха.
Уи афымца амч 376 килоампер иҟан, абжьааԥны 20-30 килоампер рҟынӡа ауп ишыҟалало ҳәа и-Telegram-канал аҿы иҩит аҳауагәаҭаратә центр "Фобос" аспециалист хада Евгени Тишковец.
"Москватәи аамҭала асааҭ 1:35 рзы Адлер азааигәара ашьхараҿы 376 килоампер зымч ыҟаз амацәыс асит, уи аҳауахьчаратә системақәа русура иадукылар ҟалон", — ҳәа иҩит иара.
Шәача ақәа ӷәӷәаны илеит, аԥсшьарамшқәа раангьы иаулоит — аҳауагәаҭаҩцәа иазԥхьагәарҭоит мызктәи анорма леиуеит ҳәа. Сириус амҩақәа ԥыҭк аӡы рхыҵәеит, ашьхақәа рҿы асы леит. Шәача амшцәгьазы ирыларҳәаз агәаҽанызаара жьҭаарамза 12 рҟынӡа амч амазаауеит.