https://sputnik-abkhazia.info/20251014/akoronart-sindrom-zmou-achymaztsa-atskhyraara-rzeikaara-ialatsazheit-1058300446.html
Акоронартә синдром змоу ачымазҩцәа ацхыраара рзеиҿкаара иалацәажәеит
Акоронартә синдром змоу ачымазҩцәа ацхыраара рзеиҿкаара иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иҵару акоронартә синдром змоу ачымазаҩцәа ирццаку амедицинатә цхыраара рзеиҿкаара атәы иалацәажәеит... 14.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-14T18:40+0300
2025-10-14T18:40+0300
2025-10-14T19:10+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
агәабзиара
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0e/1058298370_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_264fc6c982af11972411c63951ff9cad.jpg
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иҵару акоронартә синдром змоу ачымазаҩцәа ирццаку амедицинатә цхыраара рзеиҿкаара атәы иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.Аилацәажәараҿы иара убас иазааҭгылан ачымазцәа рымҩақәҵара, ачымазара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы амедицинатә цхыраара рыҭара амҩаԥгашьа, амедицинатә маҵзурақәеи аусбарҭақәеи русура аиқәыршәара. Быҭәба иҳәеит, амедицинатә цхырааразы аҵакыратә планҟаҵара асхема урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраарала агәабзиарахьчара аминистрра ишазнырхиахьоу уи ишықәныҟәалатәу. Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Урыстәыла Аԥсны акоронографиазы ахархәагақәа раахәараҿы ацхыраара шыҟанаҵо азы аҳәамҭа ҟаиҵахьан. Аиқәыршәага 100 миллион мааҭ иаԥсоуп, урыстәылатәи ацхыраарала иаахәоуп. Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҵакыраҿы ангиограф азы хазы ахыбра аргылара иаҿуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20250729/khakha-dazaagyleit-asny-asraa-zykho-amzyz-khadaa-rty-1056508358.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0e/1058298370_160:0:1120:720_1920x0_80_0_0_a81dd80a1603597d3d015439dcb5d632.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
ажәабжьқәа, аԥсны, агәабзиара
Акоронартә синдром змоу ачымазҩцәа ацхыраара рзеиҿкаара иалацәажәеит
18:40 14.10.2025 (ирҿыцуп: 19:10 14.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иҵару акоронартә синдром змоу ачымазаҩцәа ирццаку амедицинатә цхыраара рзеиҿкаара атәы иалацәажәеит. Абри атәы
аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Ашьа-датә центр ҿыц аартра Аԥсны азы акыр зҵазкуа хҭысуп. Ачымазацәа рымҩангара иахәҭоу аҽазыҟаҵара аҭахуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр Едуард Быҭәба.
Аилацәажәараҿы иара убас иазааҭгылан ачымазцәа рымҩақәҵара, ачымазара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы амедицинатә цхыраара рыҭара амҩаԥгашьа, амедицинатә маҵзурақәеи аусбарҭақәеи русура аиқәыршәара.
Быҭәба иҳәеит, амедицинатә цхырааразы аҵакыратә планҟаҵара асхема урыстәылатәи рколлегацәа рыцхыраарала агәабзиарахьчара аминистрра ишазнырхиахьоу уи ишықәныҟәалатәу.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Урыстәыла Аԥсны акоронографиазы ахархәагақәа раахәараҿы ацхыраара шыҟанаҵо азы аҳәамҭа ҟаиҵахьан.
Аиқәыршәага 100 миллион мааҭ иаԥсоуп, урыстәылатәи ацхыраарала иаахәоуп. Ареспубликатә хәшәтәырҭа аҵакыраҿы ангиограф азы хазы ахыбра аргылара иаҿуп.