https://sputnik-abkhazia.info/20251014/rusdram-irylanaeit-shukin-ikh-zkhu-ainstitut-ay-aaraarazy--1058299418.html
РУСДРАМ ирыланаҳәеит Шьукин ихьӡ зху аинститут аҿы аҵараҵаразы
РУСДРАМ ирыланаҳәеит Шьукин ихьӡ зху аинститут аҿы аҵараҵаразы
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. РУСДРАМ алаҳәара ҟанаҵеит Борис Шьукин ихьӡ зху Атеатртә институт аҿы аҵараҵаразы. 14.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-14T17:00+0300
2025-10-14T17:00+0300
2025-10-14T18:24+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/12/1056970167_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_244451f10aa86fb2561e0ebc08d09535.jpg
АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. РУСДРАМ алаҳәара ҟанаҵеит Борис Шьукин ихьӡ зху Атеатртә институт аҿы аҵараҵаразы. Зынӡа 10-ҩык рыдыркылоит, урҭ "Актиортә ҟазара" азанааҭ ала хәыда-ԥсада аҵара рҵоит ҳәа адырра ҟанаҵоит атеатр. Шьукин ихьӡ зху аинститут иалгаз Искандер ихьӡ зху аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиорцәа иреиуоуп: Ирина Делԥҳа, Милана Ламиаԥҳа, Осман Абыхәба, Руслан Жьиба. РУСДРАМ излаанацҳауа ала, Шьепкин ихьӡ зху аҵараиурҭаҿы аҵара зҵо аԥсуа студентцәа ргәыԥ 2026 шықәса аԥхынразы ареспубликахь ихынҳәуеит. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык атеатр ақәыргыламҭақәа ирылахәхахьеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220831/astrategiat-proekt-khynba-asua-studenttsa-shepkin-iinstitut-ay-rara-dalatsazheit-1041232788.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/08/12/1056970167_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_c76f35c719f54060fb22924c7beb826a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
РУСДРАМ ирыланаҳәеит Шьукин ихьӡ зху аинститут аҿы аҵараҵаразы
17:00 14.10.2025 (ирҿыцуп: 18:24 14.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 14 - Sputnik. РУСДРАМ алаҳәара ҟанаҵеит Борис Шьукин ихьӡ зху Атеатртә институт аҿы аҵараҵаразы.
Зынӡа 10-ҩык рыдыркылоит, урҭ "Актиортә ҟазара" азанааҭ ала хәыда-ԥсада аҵара рҵоит ҳәа адырра ҟанаҵоит атеатр.
Абитуриентцәа Урыстәыла атәылауаҩра рымазароуп. Латәаралатәи аҵараамҭа ԥшьышықәса ыҟоуп, уи ашьҭахь аспециалист идиплом рырҭоит, "Адраматә театри акинои рартист" ҳәа азанааҭ роуеит.
Шьукин ихьӡ зху аинститут иалгаз Искандер ихьӡ зху аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиорцәа иреиуоуп: Ирина Делԥҳа, Милана Ламиаԥҳа, Осман Абыхәба, Руслан Жьиба.
РУСДРАМ излаанацҳауа ала, Шьепкин ихьӡ зху аҵараиурҭаҿы аҵара зҵо аԥсуа студентцәа ргәыԥ 2026 шықәса аԥхынразы ареспубликахь ихынҳәуеит. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык атеатр ақәыргыламҭақәа ирылахәхахьеит.