https://sputnik-abkhazia.info/20251015/2025-shysazy-asny-akha-aa-amlar-aama-aamala-alashara-dyrtsaom-1058326316.html
2025 шықәсазы Аԥсны ахьҭа ӷәӷәақәа ҟамлар аамҭа-аамҭала алашара дырцәаӡом
2025 шықәсазы Аԥсны ахьҭа ӷәӷәақәа ҟамлар аамҭа-аамҭала алашара дырцәаӡом
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. 2025 шықәсазы Аԥсны ахьҭа ӷәӷәақәа ҟамлар аамҭа-аамҭала алашара ҳарцәаӡом ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч"... 15.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-15T17:40+0300
2025-10-15T17:40+0300
2025-10-15T18:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аԥсны аенергетика апроблемақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/0b/1054434055_0:257:2730:1793_1920x0_80_0_0_651fde9963c9adf735c9233fd3544d9e.jpg
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. 2025 шықәсазы Аԥсны ахьҭа ӷәӷәақәа ҟамлар аамҭа-аамҭала алашара ҳарцәаӡом ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал. Иара убас иазгәеиҭеит, Аԥсны Урыстәылантәи акоммерциатә фымцамч шаиуа. Нанҳәамза инаркны 175 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара шыршәахьоу, абҵарамзазы иазгәаҭоуп 90 миллион мааҭ рҟынӡа ашәара, ԥхынҷкәынмзазы афымца ахархәара аизаҳара иахҟьаны 300 миллион мааҭ рҟынӡа аҭаххар шыҟало. Џьынџьал иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахьҭақәа шыҟалазашәа алашара ахархәара 2 миллион кВтсааҭ рыла еизҳаит – 4-4,5 миллион кВтсааҭ аҟынтә 6,5 миллион кВтсааҭ рҟынӡа. Иааизакны иуҳәозар, 2025 шықәса иалагӡаны афымцамч ахархәара еиҵахоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп, уи иабзоураны иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны, миллиардбжак рҟынӡа еиҷаҳауп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/0b/1054434055_0:0:2730:2048_1920x0_80_0_0_1d9393ae77aa209fa899d3f63f241269.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны аенергетика апроблемақәа
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны аенергетика апроблемақәа
2025 шықәсазы Аԥсны ахьҭа ӷәӷәақәа ҟамлар аамҭа-аамҭала алашара дырцәаӡом
17:40 15.10.2025 (ирҿыцуп: 18:46 15.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. 2025 шықәсазы Аԥсны ахьҭа ӷәӷәақәа ҟамлар аамҭа-аамҭала алашара ҳарцәаӡом ҳәа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Ҭемыр Џьынџьал.
Иара убас иазгәеиҭеит, Аԥсны Урыстәылантәи акоммерциатә фымцамч шаиуа. Нанҳәамза инаркны 175 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара шыршәахьоу, абҵарамзазы иазгәаҭоуп 90 миллион мааҭ рҟынӡа ашәара, ԥхынҷкәынмзазы афымца ахархәара аизаҳара иахҟьаны 300 миллион мааҭ рҟынӡа аҭаххар шыҟало.
Џьынџьал иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахьҭақәа шыҟалазашәа алашара ахархәара 2 миллион кВтсааҭ рыла еизҳаит – 4-4,5 миллион кВтсааҭ аҟынтә 6,5 миллион кВтсааҭ рҟынӡа. Иааизакны иуҳәозар, 2025 шықәса иалагӡаны афымцамч ахархәара еиҵахоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп, уи иабзоураны иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны, миллиардбжак рҟынӡа еиҷаҳауп.