https://sputnik-abkhazia.info/20251015/aterrorizm-iaagylo-aoperatsia-magan-asny-amchrat-usbaraa-rkhaarnaktsa-alarkhny-1058308853.html
"Атерроризм иаҿагыло аоперациа" мҩаԥган Аԥсны амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны
"Атерроризм иаҿагыло аоперациа" мҩаԥган Аԥсны амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны
Sputnik Аҧсны
Жьҭаара 13 инаркны 17 рҟынӡа Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа аоператив-тактикатәи зыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. 15.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-15T12:10+0300
2025-10-15T12:10+0300
2025-10-15T12:47+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0e/1058292788_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_e8de60fadf0d8c1016a3b2896c3ac054.jpg
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсны амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа раан "атерроризм иаҿагыло аоперациа" мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистрреи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи иҷыдоу рыҟәшақәа амаанаҟаҵара рхы рыладырхәит. Ауснагӡатә иацклаԥшуан акомандаҟаҵаҩ хада, атәыла ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи.Азыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп аибашьратә зыҟаҵара аизырҳареи атеррористтә шәарҭарақәа рҿагыларазы амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа реинырратә усура аиӷьтәреи. Азыҟаҵарақәа напхгара арҭон аоперативтә штаб. Итҟәаз ауаа реиқәырхаразы имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы авидеола иҭаҩын. Бадра Гәынба аибашьцәа разыҟаҵашьа аҩаӡара ахә ҳаракны ишьеит. "Шәара шәпрофессионализм, шәусахь абзиабара, Аԥсадгьыл абзиабара, шәеинырра роуп ҳтәылауаа рыхьчареи ршәарҭадареи еиқәзыршәо", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
https://sputnik-abkhazia.info/20251014/badra-gynba-bzy-ayan-arezervisttsa-reizgara-shymaysua-geieit---1058303128.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/0e/1058292788_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_f90f3dbff2d0d13dad94ef22d7a328a3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
"Атерроризм иаҿагыло аоперациа" мҩаԥган Аԥсны амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа алархәны
12:10 15.10.2025 (ирҿыцуп: 12:47 15.10.2025) Жьҭаара 13 инаркны 17 рҟынӡа Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа аоператив-тактикатәи зыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит.
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Аԥсны амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа раан "атерроризм иаҿагыло аоперациа" мҩаԥыргеит ҳәа
аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистрреи, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи иҷыдоу рыҟәшақәа амаанаҟаҵара рхы рыладырхәит. Ауснагӡатә иацклаԥшуан акомандаҟаҵаҩ хада, атәыла ахада Бадра Гәынбеи уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәеи.
Азыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп аибашьратә зыҟаҵара аизырҳареи атеррористтә шәарҭарақәа рҿагыларазы амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа реинырратә усура аиӷьтәреи.
Азыҟаҵарақәа напхгара арҭон аоперативтә штаб. Итҟәаз ауаа реиқәырхаразы имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы авидеола иҭаҩын.
Бадра Гәынба аибашьцәа разыҟаҵашьа аҩаӡара ахә ҳаракны ишьеит.
"Шәара шәпрофессионализм, шәусахь абзиабара, Аԥсадгьыл абзиабара, шәеинырра роуп ҳтәылауаа рыхьчареи ршәарҭадареи еиқәзыршәо", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.