https://sputnik-abkhazia.info/20251015/gal-aymangagat-tsaa-uay-ishayrgylakhoit---1058331959.html
Гал аӡымҩангагатә цәаҳәа уаҵәы ишьақәыргылахоит
Гал аӡымҩангагатә цәаҳәа уаҵәы ишьақәыргылахоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Гал аӡымҩангагатә цәаҳәа уаҵәы ишьақәыргылахоит ҳәа аанацҳауеит "Гал-Медиа". 15.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-15T21:40+0300
2025-10-15T21:40+0300
2025-10-15T22:03+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
гал араион
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/19/1045986622_0:161:3068:1887_1920x0_80_0_0_a7bbea3b91368c6423ac7bef8b774feb.jpg
АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Гал аӡымҩангагатә цәаҳәа уаҵәы ишьақәыргылахоит ҳәа аанацҳауеит "Гал-Медиа".Акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа иахьа шьыжьы инаркны аӡымҩангагаҿы аӡы ахьацәцоз аҟаҵара иаҿын, аусурақәа уаҵәгьы иацҵахоит ҳәа аанацҳауеит Гал-Медиа. Инықәырԥшны асааҭ 15:00 рзы аусурақәа хыркәшахоит. Аӡымҩангага хада жьҭаара 11 рзы адгьылҳәазара аԥырхага анаҭеит, уи аҭыԥ иаразнакгьы аԥшаара залмаршахеит. Аиҭашьақәыргылара иалагеит иацы, аха 50 шықәса инареиҳаны изхыҵуа аӡымҩангага ақәыӷәӷәара иаиуз азышьҭымхит, ҩаԥхьа иахьԥжәақәаз ҟалеит. Араион ахада Константин Ԥлиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иааиуа ашықәс инаркны аӡымҩангагақәа зегьы шьаҭанкыла арҽеиразы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аԥара азоужьхоит.
гал араион
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/19/1045986622_169:0:2900:2048_1920x0_80_0_0_5a4df4a9085c4a89f58aee9328429b5c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, гал араион
ажәабжьқәа, аԥсны, гал араион
Гал аӡымҩангагатә цәаҳәа уаҵәы ишьақәыргылахоит
21:40 15.10.2025 (ирҿыцуп: 22:03 15.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 15 - Sputnik. Гал аӡымҩангагатә цәаҳәа уаҵәы ишьақәыргылахоит ҳәа аанацҳауеит "Гал-Медиа".
Акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа иахьа шьыжьы инаркны аӡымҩангагаҿы аӡы ахьацәцоз аҟаҵара иаҿын, аусурақәа уаҵәгьы иацҵахоит ҳәа аанацҳауеит Гал-Медиа. Инықәырԥшны асааҭ 15:00 рзы аусурақәа хыркәшахоит.
Аӡымҩангага хада жьҭаара 11 рзы адгьылҳәазара аԥырхага анаҭеит, уи аҭыԥ иаразнакгьы аԥшаара залмаршахеит. Аиҭашьақәыргылара иалагеит иацы, аха 50 шықәса инареиҳаны изхыҵуа аӡымҩангага ақәыӷәӷәара иаиуз азышьҭымхит, ҩаԥхьа иахьԥжәақәаз ҟалеит.
Араион ахада Константин Ԥлиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иааиуа ашықәс инаркны аӡымҩангагақәа зегьы шьаҭанкыла арҽеиразы аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аԥара азоужьхоит.