https://sputnik-abkhazia.info/20251016/aa-astantsia-gyma-ay-aproekt-asny-shapyla-uakhys-aazyaara-khatsyrkkheit-1058357657.html
Аҟәа астанциа "Гәыма" аҿы апроект "Аԥсны шьапыла уахыс" аҽазыҟаҵара хацыркхеит
Аҟәа астанциа "Гәыма" аҿы апроект "Аԥсны шьапыла уахыс" аҽазыҟаҵара хацыркхеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аҟәа астанциа "Гәыма" аҿы апроект "Аԥсны шьапыла уахыс" аҽазыҟаҵара хацыркхеит. 16.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-16T18:00+0300
2025-10-16T18:00+0300
2025-10-16T19:52+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/10/1058356586_0:27:1097:644_1920x0_80_0_0_f067148846fad9d895f9b05a14799750.jpg
АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аҟәа астанциа "Гәыма" аҿы апроект "Аԥсны шьапыла уахыс" аҽазыҟаҵара хацыркхеит.Аицлабра "Аԥсны акоманда" агәыԥ "Акультуратә коди абеиарақәеи" алахәыла Инал Хәытаба иазгәеиҭеит, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы атематикатә маршрутқәа шымҩаԥагхо, урҭ зегьы рзы ишаарту, изҭаху алахәхар шрылшо. Уи иажәақәа рыла, атәыла абжь-қалақьк рҟны амаршрутқәа аамҭак ала еицрылагоит. Апроект аицлабра "Аԥсны акоманда" агәыԥ "Акультуратә коди абеиарақәеи" инанагӡоит урыстәылатәи аҳәынҭеилахәыра "РФ. ВЭБ развития" алархәны. Ахықәкы - акультуратә, аҭоурыхтә, аспорттә туризм ахь аинтерес аарԥшра, Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рзы ақалақьтә маршрут ҿыцқәа реиҿкаара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/10/1058356586_101:0:996:671_1920x0_80_0_0_d2519d7844502411120002d11565b720.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҟәа астанциа "Гәыма" аҿы апроект "Аԥсны шьапыла уахыс" аҽазыҟаҵара хацыркхеит
18:00 16.10.2025 (ирҿыцуп: 19:52 16.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 16 - Sputnik. Аҟәа астанциа "Гәыма" аҿы апроект "Аԥсны шьапыла уахыс" аҽазыҟаҵара хацыркхеит.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" агәыԥ "Акультуратә коди абеиарақәеи" алахәыла Инал Хәытаба иазгәеиҭеит, апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿы атематикатә маршрутқәа шымҩаԥагхо, урҭ зегьы рзы ишаарту, изҭаху алахәхар шрылшо.
"Аизара шьыжьымҭан, асааҭ 10 рзы иалагоит Аҟәа астанциа "Гәыма" аҿы – амаршрут аус адулоуп. Уи ақалақь амҩақәа, аҭоурыхтә ҭыԥқәа, амшын аԥшаҳәа аҵанакуеит. Иахьалагаз аҭыԥ аҿы ихыркәшахоит – астанциа "Гәыма" аҿы. Рхы аладырхәыр рылшоит аҭыԥантәи ауааԥсыра, атуристцәа, ашколхәыҷқәа, астудентцәа", — ҳәа иҳәеит иара.
Уи иажәақәа рыла, атәыла абжь-қалақьк рҟны амаршрутқәа аамҭак ала еицрылагоит.
Апроект аицлабра "Аԥсны акоманда" агәыԥ "Акультуратә коди абеиарақәеи" инанагӡоит урыстәылатәи аҳәынҭеилахәыра "РФ. ВЭБ развития" алархәны. Ахықәкы - акультуратә, аҭоурыхтә, аспорттә туризм ахь аинтерес аарԥшра, Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рзы ақалақьтә маршрут ҿыцқәа реиҿкаара.