https://sputnik-abkhazia.info/20251017/asny-auaasyra-547-iaku-arespublikat-aar-reikaara-aakhup-a-rykhaoit-1058368725.html
Аԥсны ауааԥсыра 54,7% иаку ареспубликатә аҿар реиҿкаара аҭахуп ҳәа рыԥхьаӡоит
Аԥсны ауааԥсыра 54,7% иаку ареспубликатә аҿар реиҿкаара аҭахуп ҳәа рыԥхьаӡоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра 54,7% иаку ареспубликатә аҿар реиҿкаара аҭахуп ҳәа рыԥхьаӡоит, даҽа 32% "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа авариант алырхит. 17.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-17T10:00+0300
2025-10-17T10:00+0300
2025-10-17T12:28+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/16/1057709082_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_6af3086d22dd2adad9a0a8cab78652cc.jpg
АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра 54,7% иаку ареспубликатә аҿар реиҿкаара аҭахуп ҳәа рыԥхьаӡоит, даҽа 32% "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа авариант алырхит. "Аԥсны аҿар реиҿкаарақәа: лабҿабеи агәыӷреи" аналитикатә ҳасабырба ала 18-29 шықәса зхыҵуа аҿар реиҳараҩык аԥшьгамҭа ргәаԥхеит — 62,2% "ааи" ҳәа аҭак ҟарҵеит, даҽа 28% — "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа. Ақәра еизҳацыԥхьаӡа адгылара еиҵахоит: 50 шықәса зхыҵуа рахьтә 46% хымԥада иадгылоит, 37,1% аҭак ҟарҵеит "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа. Аҵаҩцәа иаку аиҿкаара аԥҵара еиҳа иадгылоит — 94,9%, 69,5% уи агәра гаҵәҟьаны аҭак ҟарҵеит. Ахатә наплакқәа рҿы аус зуа рыбжьарагьы адгылара ҳарак ааԥшит, ус зымуа — еиҳа имаҷны. Аҭак ҟазҵаз аӡәырҩы иазгәарҭеит ауаажәларратә ԥсҭазаара алахәхаразы алшарақәа шмаҷу. Убри аҟнытә, иаку аҿар реиҿкаара аԥҵара активтә аҿар реидкылареи ари ахырхарҭала аусура алҵшәа аиӷьтәреи рзы илшараны ирыԥхьаӡоит. Аҭҵаара мҩаԥыргеит ААУ-и МАУ-и рҵарауаа 2025 шықәса нанҳәа-цәыббра амзақәа рзы. Уи иалахәын Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи зҵареи заагарҭеи еиԥшым 600-ҩык ауаа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/16/1057709082_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_a6b333970ded296e707902085a1a0000.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны ауааԥсыра 54,7% иаку ареспубликатә аҿар реиҿкаара аҭахуп ҳәа рыԥхьаӡоит
10:00 17.10.2025 (ирҿыцуп: 12:28 17.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 17 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра 54,7% иаку ареспубликатә аҿар реиҿкаара аҭахуп ҳәа рыԥхьаӡоит, даҽа 32% "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа авариант алырхит.
"Аԥсны аҿар реиҿкаарақәа: лабҿабеи агәыӷреи" аналитикатә ҳасабырба ала 18-29 шықәса зхыҵуа аҿар реиҳараҩык аԥшьгамҭа ргәаԥхеит — 62,2% "ааи" ҳәа аҭак ҟарҵеит, даҽа 28% — "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа. Ақәра еизҳацыԥхьаӡа адгылара еиҵахоит: 50 шықәса зхыҵуа рахьтә 46% хымԥада иадгылоит, 37,1% аҭак ҟарҵеит "еиҳа ааи акәхоит" ҳәа.
Аҵаҩцәа иаку аиҿкаара аԥҵара еиҳа иадгылоит — 94,9%, 69,5% уи агәра гаҵәҟьаны аҭак ҟарҵеит. Ахатә наплакқәа рҿы аус зуа рыбжьарагьы адгылара ҳарак ааԥшит, ус зымуа — еиҳа имаҷны.
Аҭак ҟазҵаз аӡәырҩы иазгәарҭеит ауаажәларратә ԥсҭазаара алахәхаразы алшарақәа шмаҷу. Убри аҟнытә, иаку аҿар реиҿкаара аԥҵара активтә аҿар реидкылареи ари ахырхарҭала аусура алҵшәа аиӷьтәреи рзы илшараны ирыԥхьаӡоит.
Аҭҵаара мҩаԥыргеит ААУ-и МАУ-и рҵарауаа 2025 шықәса нанҳәа-цәыббра амзақәа рзы. Уи иалахәын Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи зҵареи заагарҭеи еиԥшым 600-ҩык ауаа.