https://sputnik-abkhazia.info/20251019/ayanti-akhalanapkhgaraaraa-rakh-akandidattsa-ryyrgylarei-ryshagalarei-khyrkshoup-1058406881.html
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи хыркәшоуп
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи хыркәшоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи хыркәшоуп. Араионқәа зегьы... 19.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-19T09:50+0300
2025-10-19T09:50+0300
2025-10-19T12:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/01/1053988221_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_2f38f7601382dcf7b24e422e34f5b795.jpg
АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи хыркәшоуп. Араионқәа зегьы рҿи Аҟәеи алхрақәа мҩаԥысуеит абҵарамза 8 рзы. Атәылауаа 161-ҩык адепутатцәа алырхраны иҟоуп. Жьҭаарамза 23 инаркны абҵарамза 2 рҟынӡа акандидатцәа агитациа мҩаԥыргар рылшоит. Атәыла аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны урҭ телехәаԥшрала имҩаԥысуа адебатқәа рхы рыладырхәуеит. Аԥсны азакәан инақәыршәаны, депутатс дҟалар илшоит 25 шықәса ма инеиҳаны изхыҵуа, зымч-зылша ыҟоу, зыхшыҩ еилагам, ахаан иҭакымыз, ахара зхызымго, анаркологиатә ма апсихоневрологиатә диспансер аҿы иқәгылам ареспублика атәылауаҩ. Араионтәи ақалақьтәи еизарақәа рдепутатцәа ҿҳәарас 4 шықәса ҳәа иалырхуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/01/1053988221_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_bd8d09646b0b022b48ad3fc0ef21844f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи хыркәшоуп
09:50 19.10.2025 (ирҿыцуп: 12:29 19.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 19 - Sputnik. Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рзы акандидатцәа рықәыргылареи рышәҟәҭагалареи хыркәшоуп. Араионқәа зегьы рҿи Аҟәеи алхрақәа мҩаԥысуеит абҵарамза 8 рзы.
Атәылауаа 161-ҩык адепутатцәа алырхраны иҟоуп. Жьҭаарамза 23 инаркны абҵарамза 2 рҟынӡа акандидатцәа агитациа мҩаԥыргар рылшоит. Атәыла аҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны урҭ телехәаԥшрала имҩаԥысуа адебатқәа рхы рыладырхәуеит.
Аԥсны азакәан инақәыршәаны, депутатс дҟалар илшоит 25 шықәса ма инеиҳаны изхыҵуа, зымч-зылша ыҟоу, зыхшыҩ еилагам, ахаан иҭакымыз, ахара зхызымго, анаркологиатә ма апсихоневрологиатә диспансер аҿы иқәгылам ареспублика атәылауаҩ.
Араионтәи ақалақьтәи еизарақәа рдепутатцәа ҿҳәарас 4 шықәса ҳәа иалырхуеит.