https://sputnik-abkhazia.info/20251021/1058452862.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны афармакологиатә препаратқәа рҭыжьра иалагар алшоит, Аиадертә медицина ацентр аусура иалагар ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афизика-техникатә... 21.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-21T13:30+0300
2025-10-21T13:30+0300
2025-10-21T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/15/1058452696_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_d771d3aa1d72617b3b4d6cb7c62f12ee.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны афармакологиатә препаратқәа рҭыжьра иалагар алшоит, Аиадертә медицина ацентр аусура иалагар ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҭҵаарадыррақәа рзы адиректор ихаҭыԥуаҩ Борис Лазба.Аҟәатәи афизико-техникатә институт анапхгара Урыстәыла ахада Иусбарҭа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иахь ацхыраараз ашәҟәы нарышьҭит. Аиадертә медицина ацентр ААТИ абазаҿы ашьақәыргылара азгәаҭоуп. Апроект анагӡара 10 миллион мааҭ азоужьуп.
Аҷандареи Ҟәланырхәеи Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҽаҩраҭагалара афестиваль аҿы аиааира ргеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа араион ахада ақыҭанхамҩазы ихаҭыԥуаҩ Иура Кәарацхьелиа.Уи иажәақәа рыла, аиааира згаз ақыҭақәа 50 нызқь мааҭ иҟаз аҳамҭа хада еиҩшаны ироуит.Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Бармышь ақыҭа, ахԥатәи аҭыԥ — Дәрыԥшь. Урҭ 30 000, 20 000 мааҭ роуит. Кәарацхьелиа ишазгәеиҭаз ала, аиааира згаз ралхраан, аилак раԥхьаӡа иргыланы иазхәыцит афестиваль аҿы ацәыргақәҵақәа шеиҿыркааз аҩаӡара.Аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит жьҭаарамза 20 рзы Гәдоуҭа араион ахадараҿы.
Анатоли Семионов ахәыҷтәы шьапылампылтә клуб "Аԥсны" азыҟаҵаҩыс даҭоуп.Семионов Sputnik излазеиҭеиҳәаз ала, ахәыҷқәа разыҟаҵара аҩаӡара инақәыршәаны аиҿкааратә зҵаарақәеи акоманда аҿиарамҩа аус адулареи игәы иҭоуп.Иара Испаниа иҷыдоу аҵара иоуит, иусураҿгьы аиспан методика ихы иаирхәарц игәы иҭоуп..Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, аспортсменцәа аус рыдулараҿы хшыҩзышьҭра аҭахоит ажәыларатә стили ампыл амакреи.Семионов иахьа ихәмарыҩцәа дырԥылоит.
Аԥснытәи абоксиорцәа ҿарацәа рзы аҟазара-класс мҩаԥысит Аҟәа.Уи мҩаԥыргеит Европа ачемпион, адунеи ачемпионат аԥхьахә занашьоу, Урыстәыла аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Дмитри Двалии, адунеи ачемпион, аиҿкаара "Изҩыдоу ҳ-Аԥсадгьыл" ацҳаражәҳәаҩ Марк Петровскии. Петровски иазгәеиҭеит Жәларбжьаратәи абокс ассоциациа досу ртәылақәа рыхьӡала жәларбжьаратәи аренаҿы иқәгыло аԥеиԥш змоу аспортсменцәа адгылара рыҭара ишазхиоу.Аусмҩаԥгатә апартиа "Аԥсны акзаареи" Урыстәылатәи Абокс афедерациеи еиҿыркааит.
Аԥсны афармакологиатә препаратқәа рҭыжьра иалагар алшоит, Аиадертә медицина ацентр аусура иалагар ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҭҵаарадыррақәа рзы адиректор ихаҭыԥуаҩ Борис Лазба.Аҟәатәи афизико-техникатә институт анапхгара Урыстәыла ахада Иусбарҭа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иахь ацхыраараз ашәҟәы нарышьҭит. Аиадертә медицина ацентр ААТИ абазаҿы ашьақәыргылара азгәаҭоуп. Апроект анагӡара 10 миллион мааҭ азоужьуп.Аҷандареи Ҟәланырхәеи Лыхнашҭа имҩаԥысуаз ҽаҩраҭагалара афестиваль аҿы аиааира ргеит ҳәа Sputnik адырра аиҭеит Гәдоуҭа араион ахада ақыҭанхамҩазы ихаҭыԥуаҩ Иура Кәарацхьелиа.Уи иажәақәа рыла, аиааира згаз ақыҭақәа 50 нызқь мааҭ иҟаз аҳамҭа хада еиҩшаны ироуит.Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Бармышь ақыҭа, ахԥатәи аҭыԥ — Дәрыԥшь. Урҭ 30 000, 20 000 мааҭ роуит. Кәарацхьелиа ишазгәеиҭаз ала, аиааира згаз ралхраан, аилак раԥхьаӡа иргыланы иазхәыцит афестиваль аҿы ацәыргақәҵақәа шеиҿыркааз аҩаӡара.Аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥысит жьҭаарамза 20 рзы Гәдоуҭа араион ахадараҿы.Анатоли Семионов ахәыҷтәы шьапылампылтә клуб "Аԥсны" азыҟаҵаҩыс даҭоуп.Семионов Sputnik излазеиҭеиҳәаз ала, ахәыҷқәа разыҟаҵара аҩаӡара инақәыршәаны аиҿкааратә зҵаарақәеи акоманда аҿиарамҩа аус адулареи игәы иҭоуп.Иара Испаниа иҷыдоу аҵара иоуит, иусураҿгьы аиспан методика ихы иаирхәарц игәы иҭоуп..Азыҟаҵаҩ иажәақәа рыла, аспортсменцәа аус рыдулараҿы хшыҩзышьҭра аҭахоит ажәыларатә стили ампыл амакреи.Семионов иахьа ихәмарыҩцәа дырԥылоит.Аԥснытәи абоксиорцәа ҿарацәа рзы аҟазара-класс мҩаԥысит Аҟәа.Уи мҩаԥыргеит Европа ачемпион, адунеи ачемпионат аԥхьахә занашьоу, Урыстәыла аспорт зҽаԥсазтәыз азҟаза Дмитри Двалии, адунеи ачемпион, аиҿкаара "Изҩыдоу ҳ-Аԥсадгьыл" ацҳаражәҳәаҩ Марк Петровскии. Петровски иазгәеиҭеит Жәларбжьаратәи абокс ассоциациа досу ртәылақәа рыхьӡала жәларбжьаратәи аренаҿы иқәгыло аԥеиԥш змоу аспортсменцәа адгылара рыҭара ишазхиоу.Аусмҩаԥгатә апартиа "Аԥсны акзаареи" Урыстәылатәи Абокс афедерациеи еиҿыркааит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/15/1058452696_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_8401c4592f798156551891cedd549df9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио