https://sputnik-abkhazia.info/20251021/aa-ayanti-anapkhgarat-usbaraa-ralkhraa-rzy-41-y-akandidattsa-ashy-iagaloup-1058459912.html
Аҟәа аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа ралхрақәа рзы 41-ы акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп
Аҟәа аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа ралхрақәа рзы 41-ы акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп
Sputnik Аҧсны
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа Аԥсны зехьынџьара имҩаԥысуеит абҵарамза 8 рзы . 21.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-21T16:09+0300
2025-10-21T16:09+0300
2025-10-21T16:09+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/01/1053971410_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_10449246fb8457b3910e923e128678ae.jpg
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рахь 41-ы акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит ақалақь алхратә комиссиа ахантәаҩы Алмас Џьапуа.Иара иажәақәа рыла, акандидатцәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи иазыԥҵәаз аҿҳәара иалагӡаны иахәҭоу аусшәҟәқәа акомиссиа ирыдыргалеит. Акомиссиа алахәылацәа урҭ ҭҵааны, акандидатцәа рыгәраргагабӷьыцқәа дырхиеит.Ашәҟәы иҭагалоу акандидатцәа рҟынтәи хҩык аполитикатә партиа "Амцахара" иахаҭарнакцәоуп, уажәтәи адепутатцәа 15-ҩык ркандидатурақәа ҿыц иқәдыргылеит.Иара убас, Џьапуа иҳәеит ателеканал "Абаза-ТВ" аҿы акандидатцәа злахәу адырраҭарақәа шхацыркхо.Иазгәеиҭеит, алхырҭатә ҭыԥқәа 19 рҿы акандидатцәа хаҭала алхҩцәа рахь рхы нарханы алхраԥхьатәи руснагӡатәқәа рзеиҭарҳәаразы алшара шроуа.
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/01/1053971410_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_ac3cbcd3e5bf213ed96971faad2e47d2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Аҟәа аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа ралхрақәа рзы 41-ы акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа Аԥсны зехьынџьара имҩаԥысуеит абҵарамза 8 рзы .
АҞӘА, жьҭаара 21 – Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа рахь 41-ы акандидатцәа ашәҟәы иҭагалоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит ақалақь алхратә комиссиа ахантәаҩы Алмас Џьапуа.
Иара иажәақәа рыла, акандидатцәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи иазыԥҵәаз аҿҳәара иалагӡаны иахәҭоу аусшәҟәқәа акомиссиа ирыдыргалеит. Акомиссиа алахәылацәа урҭ ҭҵааны, акандидатцәа рыгәраргагабӷьыцқәа дырхиеит.
Ашәҟәы иҭагалоу акандидатцәа рҟынтәи хҩык аполитикатә партиа "Амцахара" иахаҭарнакцәоуп, уажәтәи адепутатцәа 15-ҩык ркандидатурақәа ҿыц иқәдыргылеит.
Иара убас, Џьапуа иҳәеит ателеканал "Абаза-ТВ" аҿы акандидатцәа злахәу адырраҭарақәа шхацыркхо.
Иазгәеиҭеит, алхырҭатә ҭыԥқәа 19 рҿы акандидатцәа хаҭала алхҩцәа рахь рхы нарханы алхраԥхьатәи руснагӡатәқәа рзеиҭарҳәаразы алшара шроуа.