https://sputnik-abkhazia.info/20251023/1058510680.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахәыҷтәы психиатриа аганахьала аҭагылазаашьа хара имгакәа еиӷьхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциа "Ауаҩы изинқәа... 23.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-23T18:01+0300
2025-10-23T18:01+0300
2025-10-23T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/17/1058510514_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_cc4c4d451cdc25a52e8e31418f863c13.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахәыҷтәы психиатриа аганахьала аҭагылазаашьа хара имгакәа еиӷьхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчара азҵаарақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәа аимдара" аҟынтәи Мактина Џьынџьалԥҳа.Уи адагьы, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аомбудсмен лаппарати агәабзиарахьчара аминистрреи еицхырааны ахәыҷтәы психиатриа аҟәша аартра азҵаара аус адырулоит. Аха раԥхьа иргыланы, Џьынџьалԥҳа лгәаанагарала, акадрқәа рызҵаара ӡбатәуп.
Ауаҩы изинқәа аполитикатә ҟазшьа рыҭара ҟалаӡом ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ Татиана Москалькова.63 тәыла рхаҭарнакцәа Москваҟа иааит жәларбжьаратәи аконференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчара апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәақәа реимдара" ахь. Иахьатәи актуалтә проблемақәа рылацәажәара мацара адагьы, урҭ еицырзеиԥшу апозициагьы аадырԥшит."Ҳара иҩбоу астандартқәеи ауаҩы изинқәа аполитикатә ҟазшьа рыҭареи ҳарҿагылоуп. Уаҵәы Еиду амилаҭқәа реидгыла Амш ауп. Ари ауаҩы изинқәа аполитикатә хықәкқәа рзы ақәыӷәӷәара ҳасабла ахархәара замоу аилкаара иазырхоу амш ауп", — ҳәа азгәалҭеит Москалькова.
Хҩык ма инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа Урыстәыла ҳзышьцылахьоу ак еиԥш иҟалароуп иҳәеит Владимир Путин.Урыстәыла ахада Аҳәынҭқарратә демографиатәи аҭаацәаратәи политика анагӡаразы ахеилак аилатәара ихы алаирхәит."Урыстәылатәи ауаажәларра ретнокультуратә баланс ахьчара, ҳуаажәларра аӷәӷәара, ҳсуверенитет ахьчара – абарҭ роуп ҳԥеиԥш азы ихадоу", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҟәатәи ашкол №2 аҿы урыстәылатәи "Амобилтә технопарк" арҵаратә ҟазара-классқәа ирылагеит Аԥсны ашколхәыҷқәа ацифратә технологиақәа еиуеиԥшым аԥсҭазаара ахырхарҭақәа рҿы рхархәашьа рҵоит."Арҵаратә программа Гагреи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҿы имҩаԥысхьеит. Аҟәа ашьҭахь уи иацҵахоит мрагыларатәи араионқәа рҿы. Аҟазара-классқәа рышьҭахь, атехнопарк ахь аинтерес зызцәырҵыз ахәыҷқәа арҵаратә программа "Кванториум" алахәхаразы алшара роуеит.
Аԥсны ахәыҷтәы психиатриа аганахьала аҭагылазаашьа хара имгакәа еиӷьхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Москва имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аконференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчара азҵаарақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәа аимдара" аҟынтәи Мактина Џьынџьалԥҳа.Уи адагьы, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы аомбудсмен лаппарати агәабзиарахьчара аминистрреи еицхырааны ахәыҷтәы психиатриа аҟәша аартра азҵаара аус адырулоит. Аха раԥхьа иргыланы, Џьынџьалԥҳа лгәаанагарала, акадрқәа рызҵаара ӡбатәуп.Ауаҩы изинқәа аполитикатә ҟазшьа рыҭара ҟалаӡом ҳәа азгәалҭеит Урыстәыла ауаҩы изинқәа рыхьчаҩ Татиана Москалькова.63 тәыла рхаҭарнакцәа Москваҟа иааит жәларбжьаратәи аконференциа "Ауаҩы изинқәа рыхьчара апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәақәа реимдара" ахь. Иахьатәи актуалтә проблемақәа рылацәажәара мацара адагьы, урҭ еицырзеиԥшу апозициагьы аадырԥшит."Ҳара иҩбоу астандартқәеи ауаҩы изинқәа аполитикатә ҟазшьа рыҭареи ҳарҿагылоуп. Уаҵәы Еиду амилаҭқәа реидгыла Амш ауп. Ари ауаҩы изинқәа аполитикатә хықәкқәа рзы ақәыӷәӷәара ҳасабла ахархәара замоу аилкаара иазырхоу амш ауп", — ҳәа азгәалҭеит Москалькова.Хҩык ма инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа Урыстәыла ҳзышьцылахьоу ак еиԥш иҟалароуп иҳәеит Владимир Путин.Урыстәыла ахада Аҳәынҭқарратә демографиатәи аҭаацәаратәи политика анагӡаразы ахеилак аилатәара ихы алаирхәит."Урыстәылатәи ауаажәларра ретнокультуратә баланс ахьчара, ҳуаажәларра аӷәӷәара, ҳсуверенитет ахьчара – абарҭ роуп ҳԥеиԥш азы ихадоу", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.Аҟәатәи ашкол №2 аҿы урыстәылатәи "Амобилтә технопарк" арҵаратә ҟазара-классқәа ирылагеит Аԥсны ашколхәыҷқәа ацифратә технологиақәа еиуеиԥшым аԥсҭазаара ахырхарҭақәа рҿы рхархәашьа рҵоит."Арҵаратә программа Гагреи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҿы имҩаԥысхьеит. Аҟәа ашьҭахь уи иацҵахоит мрагыларатәи араионқәа рҿы. Аҟазара-классқәа рышьҭахь, атехнопарк ахь аинтерес зызцәырҵыз ахәыҷқәа арҵаратә программа "Кванториум" алахәхаразы алшара роуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/17/1058510514_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_1337215d50557d3eb602918fb846bd64.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио