https://sputnik-abkhazia.info/20251023/aati-ashkol-2-ay-urystylati-amobilt-tekhnopark-ararat-azara-klassa-irylageit-1058519241.html
Аҟәатәи ашкол №2 аҿы урыстәылатәи "Амобилтә технопарк" арҵаратә ҟазара-классқәа ирылагеит
Аҟәатәи ашкол №2 аҿы урыстәылатәи "Амобилтә технопарк" арҵаратә ҟазара-классқәа ирылагеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҟәатәи ашкол №2 аҿы урыстәылатәи "Амобилтә технопарк" арҵаратә ҟазара-классқәа ирылагеит. 23.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-23T16:05+0300
2025-10-23T16:05+0300
2025-10-23T23:55+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/17/1058508734_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_d79f815ef159f83c14c86f6d11e3e259.jpg
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҟәатәи ашкол №2 аҿы урыстәылатәи "Амобилтә технопарк" арҵаратә ҟазара-классқәа ирылагеит.Аԥсны ашколхәыҷқәа ацифратә технологиақәа еиуеиԥшым аԥсҭазаара ахырхарҭақәа рҿы рхархәашьа рҵоит. Ахәыҷқәа ароботқәа, алазертә технологиақәа, иҭаԥыҟҟаны аҩырақәа анызҵо ауасҭага, VR-техника, анеиротехнологиа ддырдыруеит. Фукина лажәақәа рыла, уи иабзоураны атехнологиа иҟанаҵо анырра ацәшәара рцәыӡуеит, насгьы еилыркаауеит ауаҩы иарбанзаалак апрограмма рнапахьы иааргар шауа. "Сара даара бзиа избоит аԥснытәи хәыҷқәа. Урҭ ргәы цыхцыхуеит, ирласны рҽалархалоит, аинтерес рызцәырҵуеит. Ҩынтәуп Аԥсныҟа ҳаауеижьҭеи. Ҳара ара ҳаҟан 2023 шықәсазы, аха ҳазҭааз ақалақьқәа еиҳа маҷын, ашколқәагьы маҷын", — ҳәа азгәалҭеит Фукина. Арҵаратә программа Гагреи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҿы имҩаԥысхьеит. Аҟәа ашьҭахь уи иацҵахоит мрагыларатәи араионқәа рҿы. Аҟазара-классқәа рышьҭахь, атехнопарк ахь аинтерес зызцәырҵыз ахәыҷқәа арҵаратә программа "Кванториум" алахәхаразы алшара роуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/17/1058508734_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_1477556e262de58985c29a18534fe2b3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аҟәатәи ашкол №2 аҿы урыстәылатәи "Амобилтә технопарк" арҵаратә ҟазара-классқәа ирылагеит.
Аԥсны ашколхәыҷқәа ацифратә технологиақәа еиуеиԥшым аԥсҭазаара ахырхарҭақәа рҿы рхархәашьа рҵоит.
"Иалырхыз азанааҭқәа аҟазара, агуманитартә ҭҵаарадыррақәа, агеографиа, акартографиа, ма атехникатә усхкқәа ирыдҳәалазар ауеит. Ҳара ахәыҷқәа идҳарбаша аиқәыршәагақәа ааҳгеит, урҭ апрактикаҿы рхархәара рҽазыршәарц алшара рзаԥаҳҵоит", — лҳәеит ахәыҷтәы технопарк "Кванториум" адиректор Иулиа Фукина.
Ахәыҷқәа ароботқәа, алазертә технологиақәа, иҭаԥыҟҟаны аҩырақәа анызҵо ауасҭага, VR-техника, анеиротехнологиа ддырдыруеит. Фукина лажәақәа рыла, уи иабзоураны атехнологиа иҟанаҵо анырра ацәшәара рцәыӡуеит, насгьы еилыркаауеит ауаҩы иарбанзаалак апрограмма рнапахьы иааргар шауа.
"Сара даара бзиа избоит аԥснытәи хәыҷқәа. Урҭ ргәы цыхцыхуеит, ирласны рҽалархалоит, аинтерес рызцәырҵуеит. Ҩынтәуп Аԥсныҟа ҳаауеижьҭеи. Ҳара ара ҳаҟан 2023 шықәсазы, аха ҳазҭааз ақалақьқәа еиҳа маҷын, ашколқәагьы маҷын", — ҳәа азгәалҭеит Фукина.
Арҵаратә программа Гагреи Гәдоуҭеи ақалақьқәа рҿы имҩаԥысхьеит. Аҟәа ашьҭахь уи иацҵахоит мрагыларатәи араионқәа рҿы. Аҟазара-классқәа рышьҭахь, атехнопарк ахь аинтерес зызцәырҵыз ахәыҷқәа арҵаратә программа "Кванториум" алахәхаразы алшара роуеит.