https://sputnik-abkhazia.info/20251023/asny-krasnoiarski-auseitsura-azaaraa-irylatsazheit-1058518782.html
Аԥсны Красноиарски аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
Аԥсны Красноиарски аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани Красноиарсктәи атәылаҿацә ахада Михаил Котиукови русеицура азҵаарақәа... 23.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-23T20:35+0300
2025-10-23T20:35+0300
2025-10-23T23:37+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/17/1058516357_0:42:800:492_1920x0_80_0_0_49c4ada7b2f4f4f51a353ffee5d938d6.jpg
АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани Красноиарсктәи атәылаҿацә ахада Михаил Котиукови русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ареспублика ахьӡала аделегациа Урыстәылазегьтәи асасдкыларатә форум ахь инеит жьҭаарамза 21 рзы, ари Красноиарсктәи атәылаҿацә раԥхьаӡатәи рофициалтә ҭаароуп. Аганқәа, иара убас, акультуратә, аҵарадырратә, аспорттә проектқәа ирылацәажәеит. Котиуков атуризм аҟны аусеицуразы акыр зҵазкуа усхкны иаликааит. Миносиани Котиукови Сибратәи афедералтә университет аҿы агастрономиа аинститут иҭалаз аԥснытәи астудентцәагьы ирԥылеит. Иазгәаҭоуп, Аԥсны асасдкыларатә усхкы аусзуҩцәа Красноиарск ақалақь аҿы азанааҭ аизырҳара акурсқәа рахысра шрылшо. Иааиуа аԥхынразы 100-ҩык ауаа апрограмма рхы аладырхәырц азԥхьагәаҭоуп.
https://sputnik-abkhazia.info/20250912/1057497466.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/17/1058516357_45:0:756:533_1920x0_80_0_0_ad3b989f76832974aea8af048e21da4f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аԥсны Красноиарски аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
20:35 23.10.2025 (ирҿыцуп: 23:37 23.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 23 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиани Красноиарсктәи атәылаҿацә ахада Михаил Котиукови русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Ареспублика ахьӡала аделегациа Урыстәылазегьтәи асасдкыларатә форум ахь инеит жьҭаарамза 21 рзы, ари Красноиарсктәи атәылаҿацә раԥхьаӡатәи рофициалтә ҭаароуп. Аганқәа, иара убас, акультуратә, аҵарадырратә, аспорттә проектқәа ирылацәажәеит. Котиуков атуризм аҟны аусеицуразы акыр зҵазкуа усхкны иаликааит.
"Сара агәра згоит, шәара ҳаԥсабара аԥшӡара жәбартә еиԥш аҭагылазаашьа шыҟало, Сибратәи асасдкылара шышәҳардыруа. Ҳаицхырааны Красноиарск ақалақь аҟынтәи еиҳа ирацәаны Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы атуристцәа цалартә, Аԥснынтә Урыстәыла агәахьы атуристцәа аалартә аҟаҵаразы еицаҳзеиԥшу апроектқәа аус рыдулара ҳазхиоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Миносиани Котиукови Сибратәи афедералтә университет аҿы агастрономиа аинститут иҭалаз аԥснытәи астудентцәагьы ирԥылеит.
Иазгәаҭоуп, Аԥсны асасдкыларатә усхкы аусзуҩцәа Красноиарск ақалақь аҿы азанааҭ аизырҳара акурсқәа рахысра шрылшо. Иааиуа аԥхынразы 100-ҩык ауаа апрограмма рхы аладырхәырц азԥхьагәаҭоуп.