Аԥснытәи агимнасткацәа Дубаи имҩаԥысуаз атурнир аҿы аиааирақәа ргеит
18:19 26.10.2025 (ирҿыцуп: 19:19 26.10.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Аԥснытәи агимнасткацәа Дубаи имҩаԥысуаз атурнир GYMNASTIKA SOLO CUP 2025 аҿы аиааирақәа ргеит.
Актәи амш аҽны Нара Цымцбеи Дана Карапетиани ахьтәы медал иаиааит, Злата Захарченкои Дениз Хутовеи араӡын медал иаиааит.
Аҩбатәи амш аҽны Александра Адлеиба, Алиссандра Багаҭелиа, Алима Хәыҭаԥҳа ахьтәы медалқәа ранашьан, ахԥатәи амш азы Алина Боциева, Николь Гәбаз, Мариа Ԥлиа ҳәа аанацҳауеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
Атурнир мҩаԥысуан жьҭаарамза 24-26 рзы, уи иалахәын 12 тәыла рҟынтәи 700-ҩык агимнасткацәа.