https://sputnik-abkhazia.info/20251026/avolontiort-programma-missiya-dobro-zgabziara-syu-akhya-rgaara-ialageit-asny-1058558746.html
Аволонтиортә программа "Миссия Добро" згәабзиара ԥсыҽу ахәыҷқәа ргәаҭара иалагеит Аԥсны
Аволонтиортә программа "Миссия Добро" згәабзиара ԥсыҽу ахәыҷқәа ргәаҭара иалагеит Аԥсны
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа, жәларбжьаратәи аволонтиортә программа "Миссия Добро" аҳәаақәа ирҭагӡаны, згәабзиара ԥсыҽу ахәыҷқәа рзы... 26.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-26T12:45+0300
2025-10-26T12:45+0300
2025-10-26T15:44+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1a/1058555746_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_fbc4e66a26df065421915f16cad91187.jpg
АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа, жәларбжьаратәи аволонтиортә программа "Миссия Добро" аҳәаақәа ирҭагӡаны, згәабзиара ԥсыҽу ахәыҷқәа рзы актәи адиагностика Аҟәа имҩаԥыргеит (https://t.me/SputnikAbkhazia/32693). Агәыԥ иалоуп аневролог, ареабилитолог, атерапевт, аклиникатә психолог, иреиҳаӡоу акатегориа алогопед. Иара убас, урыстәылатәи аҳақьымцәа аԥснытәи рколлегацәеи ареабилитациатә центрқәа рнапхгаҩцәеи рԥышәа еимырдоит, аинвалидра змоу ахәыҷқәа зхылҵыз аҭаацәа абжьгарақәа рырҭоит иарбан процедурақәоу имҩаԥыргаша, адиагностика нарҭбааны иахьыҟарҵаша, аҩны ргәабзиара ишацклаԥштәу уҳәа рзы. Михаилова лажәақәа рыла, апрограмма анхыркәшахалак ашьҭахь, Аԥсны ахәыҷқәа гәыԥҩык Пиатигорсктәи ареабилитациатә центр ахь ирыдыркылоит. Иара убас, аԥснытәи аспециалистцәа ацентр аҿы астажировка ахысразы алшара роуеит. Жәларбжьаратәи аволонтиортә программа "Миссия Добро" Россотрудничество ацхыраарала еиҿкаауп. Уи мҩаԥысуеит Аҟәа, Гагра, Тҟәарчал, Гал, Очамчыра ақалақьқәа рҿы жьҭаарамза 25 инаркны 31 рҟынӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1a/1058555746_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_6f5de903398b5bcc78144f505cbc6951.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аволонтиортә программа "Миссия Добро" згәабзиара ԥсыҽу ахәыҷқәа ргәаҭара иалагеит Аԥсны
12:45 26.10.2025 (ирҿыцуп: 15:44 26.10.2025) АҞӘА, жьҭаара 26 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа, жәларбжьаратәи аволонтиортә программа "Миссия Добро" аҳәаақәа ирҭагӡаны, згәабзиара ԥсыҽу ахәыҷқәа рзы актәи адиагностика Аҟәа имҩаԥыргеит (https://t.me/SputnikAbkhazia/32693).
Агәыԥ иалоуп аневролог, ареабилитолог, атерапевт, аклиникатә психолог, иреиҳаӡоу акатегориа алогопед.
"Мчыбжьык иалагӡаны, ҳара Аԥсны Аҳәынҭқарра хә-раионк рҿы ахәыҷқәа ҳрыхәаԥшуеит. Дара еиуеиԥшым ачымазарақәа рымазар алшоит, ахәыҷтәы хшыбаҩтә дабла инаркны аутизм аҟынӡа", — ҳәа иазгәалҭеит згәабзиара ԥсыҽу ахәыҷқәа рыклиника-психологиатә диагностиказы аексперт Наталиа Михаилова.
Иара убас, урыстәылатәи аҳақьымцәа аԥснытәи рколлегацәеи ареабилитациатә центрқәа рнапхгаҩцәеи рԥышәа еимырдоит, аинвалидра змоу ахәыҷқәа зхылҵыз аҭаацәа абжьгарақәа рырҭоит иарбан процедурақәоу имҩаԥыргаша, адиагностика нарҭбааны иахьыҟарҵаша, аҩны ргәабзиара ишацклаԥштәу уҳәа рзы.
Михаилова лажәақәа рыла, апрограмма анхыркәшахалак ашьҭахь, Аԥсны ахәыҷқәа гәыԥҩык Пиатигорсктәи ареабилитациатә центр ахь ирыдыркылоит. Иара убас, аԥснытәи аспециалистцәа ацентр аҿы астажировка ахысразы алшара роуеит.
Жәларбжьаратәи аволонтиортә программа "Миссия Добро" Россотрудничество ацхыраарала еиҿкаауп. Уи мҩаԥысуеит Аҟәа, Гагра, Тҟәарчал, Гал, Очамчыра ақалақьқәа рҿы жьҭаарамза 25 инаркны 31 рҟынӡа.