https://sputnik-abkhazia.info/20251027/1058569744.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иҿы иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иахәҭакхоит. Бадра Гәынба аусбарҭа аиҭеиҿкааразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит... 27.10.2025, Sputnik Аҧсны
2025-10-27T13:01+0300
2025-10-27T13:01+0300
2025-10-27T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1b/1058569578_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_73bf81a0fdf5a0085c943da3eda380fe.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада иҿы иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иахәҭакхоит. Бадра Гәынба аусбарҭа аиҭеиҿкааразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аиҿкаара-штаттә усмҩаԥгатәқәа хыркәшахаанӡа Ацентр анапынҵақәа шынанагӡац инанагӡалоит. Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анапы ианҵоуп аусбарҭа ҿыц аусԥҟа ашьақәырӷәӷәареи Аиустициа аминистрраҿы аҭаҩреи.
Акультуреи аҟазареи аилибамкаарақәеи аимакқәеи рҭышәныртәалареи рырмаҷреи иацхраауеит ҳәа азгәалҭеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова. Лара Москва имҩаԥысуа Аҳәынҭқарратә дипломатиа ашьақәгылара 100 шықәса ахыҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аусеицуратә форум аҿы апанельтә дискуссиа лхы алалырхәит. "Ари ныҳәа дууп ауаа рацәа рзы. Урҭ рахьтә аӡәырҩы ауаажәларратә дипломатиа ишаҿугьы рыздыруам, аха аиашазы, урҭ ибзиаҵәҟьан уи иалахәуп", — ҳәа азгәалҭеит лара. Захарова уи зыршаҳаҭуа хыԥхьаӡара рацәала жәларбжьаратәи акультуратә еимадаратә проектқәеи ацәыргақәҵақәеи рҿырԥштәқәа аалгеит. Уи иабзоураны еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ауаа аусеицура рылшоит лҳәеит.
Аҟәатәи атроллеибус амаршрут "Аҳабла ҿыц — аџьармыкьа — Аҳабла ҿыц" ала жьҭаарамза 27 рзы иныҟәаӡом. Уи зыхҟьаз Агрба имҩаҿы аӡымҩангага ахьышьҭарҵо ауп ҳәа аарыцҳаит ақалақь ахадараҟынтә. Егьырҭ амаршруткақәа, автобусқәа, Ажәытә ҳаблахь ицо атроллеибусқәа реихшанҵа шыҟоу иаанхоит.
Калининград зыкапан ҩ-кьылак иҟоу "Арекордсмен" ҳәа зыхьӡырҵаз ақаруа ҽыҭ рыԥшааит. Аҵыхәтәантәи ԥшьышықәса ирылагӡаны ари ақаруа егьырҭ ирбахьоу зегь раасҭа идууп. Уи Калининградтәи ақаруатә комбинат, закәаншьаҭала ақаруа ыҵызхуа анаплакы заҵәы аҿы иҵырхит. "Ахьӡ уи акапан мацара акәымкәа, аҭыжьраз арекордгьы иадҳәалоуп – сынтәа 700 тонна амра хаҳә роурц азԥхьагәаҭоуп", — ҳәа адырра ҟанаҵеит акомбинат. Аекспертиза ашьҭахь, иԥшаахаз ақаруа ҽыҭ аукцион аҿы иқәдыргылоит.
Аԥсны ахада иҿы иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иахәҭакхоит. Бадра Гәынба аусбарҭа аиҭеиҿкааразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Аиҿкаара-штаттә усмҩаԥгатәқәа хыркәшахаанӡа Ацентр анапынҵақәа шынанагӡац инанагӡалоит. Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анапы ианҵоуп аусбарҭа ҿыц аусԥҟа ашьақәырӷәӷәареи Аиустициа аминистрраҿы аҭаҩреи. Акультуреи аҟазареи аилибамкаарақәеи аимакқәеи рҭышәныртәалареи рырмаҷреи иацхраауеит ҳәа азгәалҭеит Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова. Лара Москва имҩаԥысуа Аҳәынҭқарратә дипломатиа ашьақәгылара 100 шықәса ахыҵра иазкыз Жәларбжьаратәи аусеицуратә форум аҿы апанельтә дискуссиа лхы алалырхәит. "Ари ныҳәа дууп ауаа рацәа рзы. Урҭ рахьтә аӡәырҩы ауаажәларратә дипломатиа ишаҿугьы рыздыруам, аха аиашазы, урҭ ибзиаҵәҟьан уи иалахәуп", — ҳәа азгәалҭеит лара. Захарова уи зыршаҳаҭуа хыԥхьаӡара рацәала жәларбжьаратәи акультуратә еимадаратә проектқәеи ацәыргақәҵақәеи рҿырԥштәқәа аалгеит. Уи иабзоураны еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ауаа аусеицура рылшоит лҳәеит. Аҟәатәи атроллеибус амаршрут "Аҳабла ҿыц — аџьармыкьа — Аҳабла ҿыц" ала жьҭаарамза 27 рзы иныҟәаӡом. Уи зыхҟьаз Агрба имҩаҿы аӡымҩангага ахьышьҭарҵо ауп ҳәа аарыцҳаит ақалақь ахадараҟынтә. Егьырҭ амаршруткақәа, автобусқәа, Ажәытә ҳаблахь ицо атроллеибусқәа реихшанҵа шыҟоу иаанхоит. Калининград зыкапан ҩ-кьылак иҟоу "Арекордсмен" ҳәа зыхьӡырҵаз ақаруа ҽыҭ рыԥшааит. Аҵыхәтәантәи ԥшьышықәса ирылагӡаны ари ақаруа егьырҭ ирбахьоу зегь раасҭа идууп. Уи Калининградтәи ақаруатә комбинат, закәаншьаҭала ақаруа ыҵызхуа анаплакы заҵәы аҿы иҵырхит. "Ахьӡ уи акапан мацара акәымкәа, аҭыжьраз арекордгьы иадҳәалоуп – сынтәа 700 тонна амра хаҳә роурц азԥхьагәаҭоуп", — ҳәа адырра ҟанаҵеит акомбинат. Аекспертиза ашьҭахь, иԥшаахаз ақаруа ҽыҭ аукцион аҿы иқәдыргылоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0a/1b/1058569578_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_121d3aa96c499214d0073217ef0c3cd9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио