Шәача ақалақь агәҭа амҩадуқәа адыркоит абҵара 2-3 рзы имҩаԥысуа амарафон инамаданы
19:57 01.11.2025 (ирҿыцуп: 22:40 01.11.2025)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Фнызқьҩык инареиҳаны ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи рхы аладырхәуеит ҩымш имҩаԥысуа аҩра, уи иахҟьаны амҩаду хада мышбжак иаркхоит, иара убас атранспорт ахырхарҭагьы аԥсахрақәа алагалахоит.
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Шәача ақалақь агәҭа амҩадуқәа адыркоит абҵара 2-3 рзы имҩаԥысуа "Шәача Амарафон" инамаданы ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара.
Имҩаԥгахоит 6000 инареиҳаны ауааԥсыра злахәхо аҩра.
Абҵара 2 ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны асааҭ 10:30 рҟынӡа иаркхоит Театральныии Орџьоникиӡеи рымҩадуқәа.
Абҵара 3 ашамҭаз асааҭ 04:00 инаркны асааҭ 15:00 рҟынӡа амарафон ахырхарҭа хада ала аныҟәара аанкылахоит амҩадуқәа Орџьоникиӡе, Черноморскаиа, Несербскаиа, СССР Аконституциа, Парковая, Воровскои, Соколов, Москвина, Егоров, Поиарко, Поиарко, Акурорттә проспект рны.
Иара убас, аԥсахра алагалахоит ауаажәларратә транспортгьы.