https://sputnik-abkhazia.info/20251101/asnyti-aynfilarmoniay-imaysit-zhlar-rakzaara-amsh-iazkny-akontsert-1058737486.html
Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы имҩаԥысит Жәлар ракзаара амш иазкны аконцерт
Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы имҩаԥысит Жәлар ракзаара амш иазкны аконцерт
Sputnik Аҧсны
Жәлар ракзаара амш есышықәа Урыстәыла иазгәарҭуеит абҵара 4 рзы 2005 шықәса раахыс. 01.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-01T21:30+0300
2025-11-01T21:30+0300
2025-11-01T23:08+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/01/1058736085_0:0:3639:2047_1920x0_80_0_0_b16b11ec30b32ebde85869499b29bf20.jpg
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Жәлар ракзаара амш иазку аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы.Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит аныҳәа Урыстәыла ажәларқәа ҭоурыхла реидгылара иасимволуп ҳәа.Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба иганахьала инаҵшьны иазгәеиҭеит, Ажәларқәа ракзаара амш ҷыдала ареспублика ишазааигәоу, Урыстәылеи Аԥсни акыршықәса аиҩызареи акультура-гуманитартә усеицуреи шрыбжьоу. Ақаҩба Урыстәыла ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит иааигәахо Ажәларқәа ракзаара амш, ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьреи. "Урыстәыла аҭоурых иаанарԥшуеит ажәлар еицырзеиԥшу ахықәы ианеиднакыло зегь иреиҳау ауадаҩрақәа ишыриааиуа", — ҳәа азгәеиҭеит иара.Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анаԥхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Татиана Степанова илҳәеит ари аконцерт Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызареи акультуратә еимдареи шаршаҳаҭуа."Ҳара, аҟазара амч аҳәаақәа аԥыхны ажәларқәа шеиднакыло агәра ҳгоит. Иахьа ҳара ҳакзаара адунеи зегьы аҿы бжьы ҿацала игоит. Ҳара ҳаицуп", — лҳәеит лара. Асценахь ицәырҵит Аԥсни Урыстәылеи рартистцәа. Урҭ рыбжьара иҟан ансамбльқәа "Гәында", "Мырзаҟан", Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа асолистцәа, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Нина Шацкаиа, Аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль "Россия" артистцәа. Иара убас, Пицундатәи 2-тәи ашкол аҵаҩы Роланд Абрамиан агәышԥтәы дыргеи, адипломи, ашәҟәи ианаршьеит. Аҵаҩы, автобус аныҟәцаҩ игәы анбааԥсха, иаразнак амашьына аԥсҟы аанкылан апассаџьыр еиқәирхеит. Аконцерт еицеиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничествеи Урыстәыла Акультура аминистрреи Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала.
https://sputnik-abkhazia.info/20251026/khynba-urystyla-asyngy-zanakua-azeish-kulturat-akyrazy-iadu-aakkhyra-adyrueit-1058560067.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/01/1058736085_435:0:3164:2047_1920x0_80_0_0_ee696edd6fc7a96856dc8090084b75d7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы имҩаԥысит Жәлар ракзаара амш иазкны аконцерт
21:30 01.11.2025 (ирҿыцуп: 23:08 01.11.2025) Жәлар ракзаара амш есышықәа Урыстәыла иазгәарҭуеит абҵара 4 рзы 2005 шықәса раахыс.
АҞӘА, абҵара 1 - Sputnik. Жәлар ракзаара амш иазку аконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит аныҳәа Урыстәыла ажәларқәа ҭоурыхла реидгылара иасимволуп ҳәа.
"Иазгәаҳҭоит, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра реиҳараҩык рзы иҷыдоу аҵакы шаиуз, зегь раԥхьаӡа иргыланы Урыстәыла атәылауаа рзы. Ари аныҳәа аҵак ҷыда амоуп, ҳтәылақәа ртәылауаа иҷыдоу арратә аоперациа алахәхара инамаданы", —ҳәа иҳәеит Шургалин.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба иганахьала инаҵшьны иазгәеиҭеит, Ажәларқәа ракзаара амш ҷыдала ареспублика ишазааигәоу, Урыстәылеи Аԥсни акыршықәса аиҩызареи акультура-гуманитартә усеицуреи шрыбжьоу.
Ақаҩба Урыстәыла ауааԥсыра ирыдиныҳәалеит иааигәахо Ажәларқәа ракзаара амш, ирзеиӷьеишьеит аҭынчреи аизҳазыӷьреи.
"Урыстәыла аҭоурых иаанарԥшуеит ажәлар еицырзеиԥшу ахықәы ианеиднакыло зегь иреиҳау ауадаҩрақәа ишыриааиуа", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра анаԥхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Татиана Степанова илҳәеит ари аконцерт Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аиҩызареи акультуратә еимдареи шаршаҳаҭуа.
"Ҳара, аҟазара амч аҳәаақәа аԥыхны ажәларқәа шеиднакыло агәра ҳгоит. Иахьа ҳара ҳакзаара адунеи зегьы аҿы бжьы ҿацала игоит. Ҳара ҳаицуп", — лҳәеит лара.
Асценахь ицәырҵит Аԥсни Урыстәылеи рартистцәа. Урҭ рыбжьара иҟан ансамбльқәа "Гәында", "Мырзаҟан", Аԥснытәи аҳәынҭфилармониа асолистцәа, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Нина Шацкаиа, Аҳәынҭқарратә академиатә ансамбль "Россия" артистцәа.
Иара убас, Пицундатәи 2-тәи ашкол аҵаҩы Роланд Абрамиан агәышԥтәы дыргеи, адипломи, ашәҟәи ианаршьеит. Аҵаҩы, автобус аныҟәцаҩ игәы анбааԥсха, иаразнак амашьына аԥсҟы аанкылан апассаџьыр еиқәирхеит.
Аконцерт еицеиҿыркааит Аԥсны иҟоу Россотрудничествеи Урыстәыла Акультура аминистрреи Аԥсны акультура аминистрра ацхыраарала.