https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13315
Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Беслан Сымсым Москва V Жәларбжьаратәи афестиваль "Асцена ду" аҿы даиааит
Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Беслан Сымсым Москва V Жәларбжьаратәи афестиваль "Асцена ду" аҿы даиааит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Беслан Сымсым Москва имҩаԥысуаз V Жәларбжьаратәи афестиваль "Асцена ду" аҿы аиааира игеит. 02.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-02T12:53+0300
2025-11-02T12:53+0300
2025-11-02T14:06+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/02/1058743527_0:117:961:657_1920x0_80_0_0_7e9b876ed8c19596003a02b9bb7098af.jpg
АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Беслан Сымсым Москва имҩаԥысуаз V Жәларбжьаратәи афестиваль "Асцена ду" аҿы аиааира игеит.Гәдоуҭатәи арԥыс афиналбжаҿы инаигӡеит Муслим Магомаев иашәа "Синяя вечность", афинал аҿы — Григори Лепс иашәа "Гололед".Афестиваль аҿы аиааирагаҩцәеи афиналистцәеи 2026 шықәса мшаԥымзазы Кремль имҩаԥысраны иҟоу Агала-концерт аҿы ахкы нарыгӡоит ҳәа иазгәеиҭеит Симсим.Жәларбжьаратәи афестиваль "Асцена ду" 2021 шықәса инаркны Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада икультуратә аԥшьгамҭақәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥысуеит. Уи иахықәкы хаданы иҟоуп афестиваль алахәылацәа рыбжьара акультуратә диалог арӷәӷәара, аҟазара аларҵәаразы алшарақәа раԥҵара, афестиваль атәыла зегьы аҿы ирҭбааны амҩаԥгара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/02/1058743527_0:27:961:747_1920x0_80_0_0_118c68f0531eb823018268f5ee192504.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Беслан Сымсым Москва V Жәларбжьаратәи афестиваль "Асцена ду" аҿы даиааит
12:53 02.11.2025 (ирҿыцуп: 14:06 02.11.2025) АҞӘА, абҵара 2 - Sputnik. Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Беслан Сымсым Москва имҩаԥысуаз V Жәларбжьаратәи афестиваль "Асцена ду" аҿы аиааира игеит.
Гәдоуҭатәи арԥыс афиналбжаҿы инаигӡеит Муслим Магомаев иашәа "Синяя вечность", афинал аҿы — Григори Лепс иашәа "Гололед".
"Сара аиааира згоит ҳәа зынӡагьы сақәгәыӷуамызт, сагьазхәыцуамызт. Гәахәара дула исыдыскылеит. Сықәратә категориаҿы 60-ҩык рҟынӡа ауаа еицлабуан, 19 инаркны 60 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз рыбжьара. Урҭ аҩаӡара ҳарак змоу вокалистцәоуп", — иҳәеит иара.
Афестиваль аҿы аиааирагаҩцәеи афиналистцәеи 2026 шықәса мшаԥымзазы Кремль имҩаԥысраны иҟоу Агала-концерт аҿы ахкы нарыгӡоит ҳәа иазгәеиҭеит Симсим.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Асцена ду" 2021 шықәса инаркны Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада икультуратә аԥшьгамҭақәа Рфонд ацхыраарала имҩаԥысуеит. Уи иахықәкы хаданы иҟоуп афестиваль алахәылацәа рыбжьара акультуратә диалог арӷәӷәара, аҟазара аларҵәаразы алшарақәа раԥҵара, афестиваль атәыла зегьы аҿы ирҭбааны амҩаԥгара.