Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәхаразы 1262-ҩык арзаҳалқәа аларҵеит.
11:49 03.11.2025 (ирҿыцуп: 12:06 03.11.2025)
Анапаҵаҩра
Аицлабра "Зысасгәашә аарту Аԥсны" алахәхаразы 1262-ҩык арзаҳалқәа аларҵеит.
"Аԥсны акоманда" анапхгаҩы Георги Габуниа иажәақәа рыла, урҭ рахьтә 1033-ҩык Аԥсны атәылауаа роуп.
"Ари иаанарԥшуеит аицлабра даара аинтерес шаҵоу, насгьы Аԥсны ауааԥсыра рыбжьара аинтерес шцәырнагаз. Арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара иаҳнарбоит аицлабра қәҿиарала ишымҩаԥысыз", — ҳәа азгәеиҭеит иара Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы.
Аицлабра еиуеиԥшым аетапқәа рыла ишьақәгылоуп. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа аҵара ддырҵоит, арзаҳалқәа абҵарамза 6 рҟынӡа иалаҵатәуп.