https://sputnik-abkhazia.info/20251103/1058767324.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аенергетикатә нхамҩа даара ихоуп, аҳақәа ажәит, аиқәыршәага ҿыцқәа рыхә есааира ишьҭыҵуеит, иҟоуп зҭыжьра иаҟәыҵхьоу ахәҭақәа. Ари зегьы афымцамч ацәыӡреи... 03.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-03T18:01+0300
2025-11-03T18:01+0300
2025-11-03T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/03/1058767158_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_7b438cd13ee6494da790f092fb256d24.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аенергетикатә нхамҩа даара ихоуп, аҳақәа ажәит, аиқәыршәага ҿыцқәа рыхә есааира ишьҭыҵуеит, иҟоуп зҭыжьра иаҟәыҵхьоу ахәҭақәа. Ари зегьы афымцамч ацәыӡреи амчхара алаҟәреи ирныруеит ҳәа иазгәарҭеит аминистрраҿы.Ари аҭагылазаашьа арҽеиразы ашықәс алагамҭа инаркны аенергетика аусзуҩцәа активла аусура иаҿуп:" Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара алыршахеит афымцамҭира аусура арӷәӷәареи, иахьа иҟоу ахәԥсатә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩнуҵҟатәи афинанстә хархәагақәа реизгареи рыбзоурала", — ҳәа ануп аминистрра аҳәамҭаҿы.
Жьҭаарамзазы Аԥсны абиуџьет ахь 440 миллион мааҭ инареиҳаны аҳазатә шәарақәа аланагалеит.Уи иазԥхьагәаҭаз аасҭа 1,7 миллион мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.Жәамз рыҩныҵҟа абиуџьет иахыԥхьаӡалахеит 3,7 миллиард мааҭ аҳазатә шәарақәа, уи иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 349,7 миллион мааҭ рыла еиҳауп.
Афестиваль "Агәабзиара амаршрутқәа" Аԥсны абҵарамза 6 рзы имҩаԥысраны иҟоуп.Уи атәыла мрагыларатәи араионқәа рҿы ашықәс зегьы аус зуа аспорт-туристтә кластер аҿиара хацнаркуеит.Ари акластер еиднакылоит аспорт, авантуризм, аетно-, агастро-, агротуризм рыҿиара иазырхоу аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа рыпроектқәа. Афестиваль атуристтә маршрутқәеи аҭыԥқәеи рзы ԥышәаратә аартырак аҳасаб ала аус ауеит. "Агәабзиара амаршрутқәа" акластер алагара 2026 шықәса лаҵарамзазы иазԥхьагәаҭоуп.
Аҟәа Аваинахцәа рымҩаҿы ахатәыҩны аҕәраҵа амца акит. Аԥсны АҶА ахь аҭел иасит асааҭ 12:51 рзы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Аҭыԥ ахь аиқәырхаҩцәа неит. Амца еиқәыртәоуп
Николь Џьергениаԥҳа ашоу "Ты супер!" афинал аҿы Бишоп Бриггс лашәа "River" налыгӡеит.Азыӡырыҩцәеи аӡбаҩцәеи ргәы хылхит, аха аиааира лзымгеит. Ажиури иазгәарҭеит алшара ду шлымоу, аха лқәыԥшра иахҟьаны ашәа иахәҭаз "аенергиа" аҵаҵара шлылымшаз.Диана Арбенина иазгәалҭеит Николь лықәгылара алагамҭазы агәыхыҭхыҭра шылныԥшуаз, убри аҟнытә маҷк дшеиҵаҟьаз. Лара лажәақәа рыла аномер даара илгәаԥхеит, илылымшаз аамҭеи аԥышәеи ишдыриашо.
Аенергетикатә нхамҩа даара ихоуп, аҳақәа ажәит, аиқәыршәага ҿыцқәа рыхә есааира ишьҭыҵуеит, иҟоуп зҭыжьра иаҟәыҵхьоу ахәҭақәа. Ари зегьы афымцамч ацәыӡреи амчхара алаҟәреи ирныруеит ҳәа иазгәарҭеит аминистрраҿы.Ари аҭагылазаашьа арҽеиразы ашықәс алагамҭа инаркны аенергетика аусзуҩцәа активла аусура иаҿуп:" Аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара алыршахеит афымцамҭира аусура арӷәӷәареи, иахьа иҟоу ахәԥсатә политика аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩнуҵҟатәи афинанстә хархәагақәа реизгареи рыбзоурала", — ҳәа ануп аминистрра аҳәамҭаҿы.Жьҭаарамзазы Аԥсны абиуџьет ахь 440 миллион мааҭ инареиҳаны аҳазатә шәарақәа аланагалеит.Уи иазԥхьагәаҭаз аасҭа 1,7 миллион мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы.Жәамз рыҩныҵҟа абиуџьет иахыԥхьаӡалахеит 3,7 миллиард мааҭ аҳазатә шәарақәа, уи иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны 349,7 миллион мааҭ рыла еиҳауп.Афестиваль "Агәабзиара амаршрутқәа" Аԥсны абҵарамза 6 рзы имҩаԥысраны иҟоуп.Уи атәыла мрагыларатәи араионқәа рҿы ашықәс зегьы аус зуа аспорт-туристтә кластер аҿиара хацнаркуеит.Ари акластер еиднакылоит аспорт, авантуризм, аетно-, агастро-, агротуризм рыҿиара иазырхоу аицлабра "Аԥсны акоманда" алахәылацәа рыпроектқәа. Афестиваль атуристтә маршрутқәеи аҭыԥқәеи рзы ԥышәаратә аартырак аҳасаб ала аус ауеит. "Агәабзиара амаршрутқәа" акластер алагара 2026 шықәса лаҵарамзазы иазԥхьагәаҭоуп.Аҟәа Аваинахцәа рымҩаҿы ахатәыҩны аҕәраҵа амца акит. Аԥсны АҶА ахь аҭел иасит асааҭ 12:51 рзы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа. Аҭыԥ ахь аиқәырхаҩцәа неит. Амца еиқәыртәоупНиколь Џьергениаԥҳа ашоу "Ты супер!" афинал аҿы Бишоп Бриггс лашәа "River" налыгӡеит.Азыӡырыҩцәеи аӡбаҩцәеи ргәы хылхит, аха аиааира лзымгеит. Ажиури иазгәарҭеит алшара ду шлымоу, аха лқәыԥшра иахҟьаны ашәа иахәҭаз "аенергиа" аҵаҵара шлылымшаз.Диана Арбенина иазгәалҭеит Николь лықәгылара алагамҭазы агәыхыҭхыҭра шылныԥшуаз, убри аҟнытә маҷк дшеиҵаҟьаз. Лара лажәақәа рыла аномер даара илгәаԥхеит, илылымшаз аамҭеи аԥышәеи ишдыриашо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/03/1058767158_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c2b438d1c060ce040a82ad65b6354bfc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио