Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Сириус аҭҵаарадырра-техникатә фестиваль "На волне знаний" иалахәхоит
18:33 03.11.2025  (ирҿыцуп: 19:55 03.11.2025)

© Sputnik  / Фотохост Конгресса молодых учёных
 / Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 3 - Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Сириус имҩаԥысраны иҟоу аҭҵаарадырра-техникатә фестиваль "На волне знаний" рхы аладырхәуеит.
Аделегациа иалахәуп 88-ҩык ахәыҷқәа, урҭ ирыцуп ахимиа, абиологиа, аматематика, афизика рырҵаҩцәа жәаҩык.
"Апроект хықәкы хадас иамоуп ахәыҷқәа аҵараҵара ргәазҭаҵара, аҭҵаарадырра-техникатә прогресс ахь аинтерес рызцәыргара. Даҽа хықәкы хаданы иҟоуп абаҩхатәра злоу аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи ралԥшаара", — ҳәа азгәалҭеит Аԥсны Аҵара аминистрра Абжьаратәи азанааҭтәи ҵарадырра аҟәша аспециалист хада Гәында Кәыҵниаԥҳа.
Ахәыҷтәы ҭҵаарадырра-техникатә фестиваль "На волне знаний" аҭҵаарадырреи, атехникеи, аинновациақәеи, атехникатә ҟазареи рыларҵәара иазку амастер-классқәеи алекциақәеи еиднакылоит.