Урыстәыла АҶА аспециалистцәа ргәыԥ усуратә визитла Аԥсны иааит
20:48 03.11.2025  (ирҿыцуп: 01:56 04.11.2025)

© Sputnik  / Николай Хижняк
 / Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аспециалистцәа ргәыԥ усуратә визитла Аԥсны иааит.
Аиқәырхаҩцәа иҭырҵааит араионтә ҟәшақәа русушьа, амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәшақәа ртехникатә ҭагылазаашьа, ашьхареи амшыни рҿы аусура аҷыдарақәа.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Роберт Кьиут иазгәеиҭеит ареспублика ауааԥсыреи урыстәылатәи атуристцәеи злахәу аиқәырхаратә усмҩаԥгатәқәа рзы иҵегьы атехника шырҭаху.
"Шьҭахьҟа ҳаныгьежьлак, амаругақәа рыла аиқәыршәареи аремонти рзы ажәалагалақәа рхианы иааиуа ашықәс алагамҭазы урҭ рынагӡара ҳалагоит", — иҳәеит Урыстәыла АҶА ахаҭарнак Тихон Баздырев.