Бадра Гәынба Владимир Путин Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит
09:11 04.11.2025  (ирҿыцуп: 10:59 04.11.2025)

© Foto / Пресс-служба президента Абхазии
Анапаҵаҩра
Жәлар ракзаара амш есышықәа Урыстәыла иазгәарҭоит абҵара 4 рзы 2005 шықәса раахыс.
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Бадра Гәынба Владимир Путин Жәлар ракзаара амш идиныҳәалеит.
"Акзаара еснагь Урыстәыла Ду амчреи аизҳазыӷьареи ирышьаҭаны иҟан, уи аҳәаақәа рыҩнуҵҟа еиднакылоит еицырзеиԥшу аҭоурыхи адоуҳаи рыла еидҳәалоу ажәларқәа рҭаацәара", — ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа гәыкала аиҩызара шьаҭас ишамоу, ареспублика астратегиатә партниор иҟанаҵо ацхыраара ахә ҳаракны ишыршьо.
Аԥсны ахада Владимир Путин агәабзиареи ақәҿиарақәеи, Урыстәыла ажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьеишьеит.