Аҟәа инхо Баграт Бармышьаа иганахьала ашьаус аартуп амҩатә машәыр ахьыҟаиҵаз азы
11:05 04.11.2025  (ирҿыцуп: 12:01 04.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
 / Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аҟәа инхо Баграт Бармышьаа иганахьала ашьаус аартуп.
Иара абҵарамза 1 ауха амҩан амашьына дасит. 28 шықәса зхыҵуа Бармышьаа Агәмаа имҩаҟынтә ганкыламацара аныҟәара ахьыҟало Арӡынба имҩа данылеит, 110 км сааҭк ала еиҵамкәа дыццакны. Убри аан иара арыжәтә ыжәны дыҟан ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Арӡынба имҩеи Џьонуа имҩеи реихысырҭаҿы Баграт Бармышьаа дзықәтәаз амашьына "Мерседес" амашьына "Хендаи" иасит.
Аҩбатәи амашьына аныҟәцаҩ, 26 шықәса зхыҵуа Лиана Ачԥҳа, ахәышәтәырҭахь днаргеит, анаҩс адырра ҟаҵан лара Аԥсны анҭыҵҟа дыргеит ҳәа.
Бармышьаагьы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаргеит, аха иара уаантәи нас дыбналеит. Уажәы дахьыҟоу аилкаареи иаанкылареи рзы аусмҩаԥгатәқәа ирҿуп.

 /