Аԥсны ашколхәыҷқәа Сириус аҭҵаарадырра-техникатә фестиваль "На волне знаний" иалахәын
21:06 04.11.2025 (ирҿыцуп: 00:21 05.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 4 - Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Сириус имҩаԥысуаз аҭҵаарадырра-техникатә фестиваль "На волне знаний" рхы аладырхәит.
Ареспублика зегьы аҟынтәи аусмҩаԥгатә шәҩык рҟынӡа аҿар рхы аладырхәит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкааҩцәа руаӡәк Дмитри Пашьенко.
Афестиваль хықәкыс иамоуп ашколхәыҷқәа аҭҵаарадырра-техникатә рҿиарахь азҿлымҳара рызцәыргареи ргәазҭаҵареи, аҟыбаҩ ҷыда змоу ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ацхыраара рыҭареи.
Дара рзы 3D амодельҟаҵареи 3D акьыԥхьреи, асхемотехникеи рзы аҭҵаарадырратә ҟазара-классқәа азырхиан, идырбан афизикатәии ахимиатәии лаԥшхырԥагақәа, Шәача ақалақь аналс-аалсреи Леонардо да Винчи имузеи ахь аекскурсиеи рзымҩаԥган.