https://sputnik-abkhazia.infohttps://t.me/sputnik_apsny_info/13492
Бадра Гәынба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
Бадра Гәынба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иахьа иазгәарҭоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рымши Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 104 шықәса аҵреи. 10.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-10T12:16+0300
2025-11-10T12:16+0300
2025-11-10T13:11+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0a/1058951905_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_b3ffc90635f0af4b132e387cea84e1cd.jpg
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуа агәырӷьаратә еилатәараҿы дықәгыло, Аԥсны ахада иазгәеиҭеит аԥсуа милициа аҭоурых шдуу, ауаажәларра ршәарҭадара ахьчаразы имҩаԥырго аус аҵакы иамоу.Гәынба амилициа аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиара дуқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьапы ақәыргыларазы.Аԥсны иахьа иазгәарҭоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рымши Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 104 шықәса аҵреи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0a/1058951905_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_342747347b5c9fc7c0505dd799016da8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, бадра гәынба
Бадра Гәынба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит
12:16 10.11.2025 (ирҿыцуп: 13:11 10.11.2025) Аԥсны иахьа иазгәарҭоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рымши Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 104 шықәса аҵреи.
АҞӘА, абҵара 10 - Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаԥысуа агәырӷьаратә еилатәараҿы дықәгыло, Аԥсны ахада иазгәеиҭеит аԥсуа милициа аҭоурых шдуу, ауаажәларра ршәарҭадара ахьчаразы имҩаԥырго аус аҵакы иамоу.
"Иахьа уажәраанӡа ҳауаажәлар рзин ахьчара, ашәарҭадара азҵаарқәа рҿы инашәыгӡо азыҳәан иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Зегьы ибзиаӡаны иаҳгәалашәоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан амилициа ахаҭарнакцәа аԥхьагылареи афырхаҵареи иаадырԥшыз. Иахьа ҳветеранцәа ишәыҵагылоуп аҿарацәа. Шәара шәыпрофессионалтә ԥсҭазаараҿы иныҟәыжәгахьоу аԥышәеи адырреи арыҭара шәаҿуп", — ҳәа инаҵишьит Аԥсны ахада.
Гәынба амилициа аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиара дуқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашьапы ақәыргыларазы.
Аԥсны иахьа иазгәарҭоит Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рымши Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аԥҵоижьҭеи 104 шықәса аҵреи.