Дмитри Осиа ҩаԥхьа Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩыс далхәуп
12:42 12.11.2025 (ирҿыцуп: 22:37 12.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. Дмитри Осиа ҩаԥхьа Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩыс далхәуп.
Иара далхын маӡалатәи абжьыҭарала. Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит — Инал Кьышьмариа.
Иахьа Аҟәа имҩаԥысит ақалақьтә Еизара аабатәи ааԥхьара актәи аилатәара. Алхрақәа рылҵшәақәа рыла, 19-ҩык адепутатцәа алхын, урҭ рҟынтәи аӡәы дыԥҳәызбоуп.
Аҳҭнықалақь алхратә комиссиа анапхгаҩы Алмас Џьапуа иазгәеиҭеит алхрақәа хыԥхьаӡара рацәала ауаа рхы шрыладырхәыз. Ҭыԥқәак рҿы 70% рҟынӡа алхыҩцәа неиит, иара убасгьы алхрақәа ҭынч мҩаԥысит. Џьапуа адепутатцәа агәраргагашәҟәқәа риҭеит.