https://sputnik-abkhazia.info/20251112/1058993354.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рзинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа иҟалаз ахысра аусҭҵааразы иаарласны агенетикатә експертиза амҩаԥгара иалацәажәеит.Абри атәыАԥсны Аҩнуҵҟатәи... 12.11.2025, Sputnik Аҧсны
2025-11-12T13:01+0300
2025-11-12T13:01+0300
2025-11-12T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0c/1058993188_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_0dd3bf8415b63425b62d536c19aa180f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Урыстәылеи рзинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа иҟалаз ахысра аусҭҵааразы иаарласны агенетикатә експертиза амҩаԥгара иалацәажәеит.Абри атәыАԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут."Ацәгьоура лабҿаба избаз, ашаҳаҭцәа рышьақәыргылара хымԥадатәиуп. Ахҭыс ахронологиа зегьы еиҭашьақәыргылатәуп. Ацәгьа зуз ауаҩы дахьыҟоуи иара ихаҿԥшреи ирызкны иахьынӡазалшо адыррақәа риура аҭахуп. Дызлахьаҵыз амҩа ҳәа агәаанагара ззыҟоу амаршрут аусеиҭадулатәуп", — иҳәеит Кьиут.
Иацы ашьыбжьон Аҳҭнықалақь аҟны иҟалаз ацәгьоура аганахьала ашьаус хацнаркит Аҟәатәи апрокуратура. "Ацәгьоура ҟазҵаз рышьақәыргылареи раанкылареи рзы аусҭҵаара мҩаԥысуеит", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Аҟәа иҟалаз ахысраан ахәрақәа зауз ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.Хҩык апациентцәа рыԥсҭазаарақәа шәарҭара иҭагылам, дара Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахырхарҭатә ҟәшақәа рахь ииагоуп.
Аԥсны есымшеиԥш иақәырӷәӷәаны иаҳҳәоит — Қарҭ ҳҳәынҭқарра аганахьала амч ахамырхәаразы азинтә документ рнапы аҵарҩыроуп ҳәа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц. Барцыц Женева дыҟоуп, иара далахәуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд. Иахьа аиҿцәажәара аҩбатәи амш ауп Аԥсни Еиду Америкатәи Аштатқәеи урҭ рыцхантәаҩцәа ЕС, ЕАР, ОБСЕ злахәыз аконсультациақәа ирыцҵахоит. Аԥсуа ган ирӡбраны иҟоу азҵаарақәа ишрыцәхьамҵо азгәарҭеит
Гагра, Демерџьиԥа имҩаҿы аремонт иалагеит. Аргылаҩцәа аӡымҩангага амҩаԥгараан аԥхасҭа зауз амҩа ақә еиҭашьақәдыргылоит ҳәа рҳәеит араион ахадараҿы. Иара убасгьы ақәаршыҩцарҭақәа рсистема ашьақәыргыларазгьы аусурақәа мҩаԥгахоит.
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ателеолимпиада "Умники и умницы" иалахәхоит.Агәыԥ иалахәуп Аҟәантәи — Валериа Бениаԥҳа, Артиом Ианковски, Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ аҵаҩы Николь Лазԥҳа, Енвер Оҭырба — Гагрантәи, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра.Аҭыхрақәа мҩаԥгахоит жьҭаарамза 12-15 рзы, Москва. Аицлабра атемақәа: Ижәытәтәиу Рим, англиатәи абуржуазиатә револиуциа, "СССР-и адунеи:1946-1953".
Аԥсни Урыстәылеи рзинхьчаратә усбарҭақәа Аҟәа иҟалаз ахысра аусҭҵааразы иаарласны агенетикатә експертиза амҩаԥгара иалацәажәеит.Абри атәыАԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут."Ацәгьоура лабҿаба избаз, ашаҳаҭцәа рышьақәыргылара хымԥадатәиуп. Ахҭыс ахронологиа зегьы еиҭашьақәыргылатәуп. Ацәгьа зуз ауаҩы дахьыҟоуи иара ихаҿԥшреи ирызкны иахьынӡазалшо адыррақәа риура аҭахуп. Дызлахьаҵыз амҩа ҳәа агәаанагара ззыҟоу амаршрут аусеиҭадулатәуп", — иҳәеит Кьиут. Иацы ашьыбжьон Аҳҭнықалақь аҟны иҟалаз ацәгьоура аганахьала ашьаус хацнаркит Аҟәатәи апрокуратура. "Ацәгьоура ҟазҵаз рышьақәыргылареи раанкылареи рзы аусҭҵаара мҩаԥысуеит", — ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы. Аҟәа иҟалаз ахысраан ахәрақәа зауз ҩыџьа рҭагылазаашьа хьанҭоуп, абри атәы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.Хҩык апациентцәа рыԥсҭазаарақәа шәарҭара иҭагылам, дара Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахырхарҭатә ҟәшақәа рахь ииагоуп. Аԥсны есымшеиԥш иақәырӷәӷәаны иаҳҳәоит — Қарҭ ҳҳәынҭқарра аганахьала амч ахамырхәаразы азинтә документ рнапы аҵарҩыроуп ҳәа, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц. Барцыц Женева дыҟоуп, иара далахәуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд. Иахьа аиҿцәажәара аҩбатәи амш ауп Аԥсни Еиду Америкатәи Аштатқәеи урҭ рыцхантәаҩцәа ЕС, ЕАР, ОБСЕ злахәыз аконсультациақәа ирыцҵахоит. Аԥсуа ган ирӡбраны иҟоу азҵаарақәа ишрыцәхьамҵо азгәарҭеит Гагра, Демерџьиԥа имҩаҿы аремонт иалагеит. Аргылаҩцәа аӡымҩангага амҩаԥгараан аԥхасҭа зауз амҩа ақә еиҭашьақәдыргылоит ҳәа рҳәеит араион ахадараҿы. Иара убасгьы ақәаршыҩцарҭақәа рсистема ашьақәыргыларазгьы аусурақәа мҩаԥгахоит. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа ателеолимпиада "Умники и умницы" иалахәхоит.Агәыԥ иалахәуп Аҟәантәи — Валериа Бениаԥҳа, Артиом Ианковски, Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ аҵаҩы Николь Лазԥҳа, Енвер Оҭырба — Гагрантәи, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҵара аминистрра.Аҭыхрақәа мҩаԥгахоит жьҭаарамза 12-15 рзы, Москва. Аицлабра атемақәа: Ижәытәтәиу Рим, англиатәи абуржуазиатә револиуциа, "СССР-и адунеи:1946-1953".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/0b/0c/1058993188_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_d5aa56a5e666c24e74a9fda539cf982b.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио