РУСДРАМ 44-тәи атеатралтә сезон аихшьаалақәа ҟаҵоуп
22:16 12.11.2025 (ирҿыцуп: 22:33 12.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 12 - Sputnik. РУСДРАМ 44-тәи атеатралтә сезон аихшьаалақәа ҟаҵоуп.
Ахәаԥшцәа иреиӷьу аспектакль ҳәа иалыркааит Агата Кристи лпиеса ала урыстәылатәи арежиссиор Андреи Сидельников иқәиргылаз — "Аҳәынаԥкыга".
Аԥҳәыс иреиӷьу лроль аноминациаҟны аиааира лгеит Ирина Делԥҳа — аспектакль "Абацәеи ахшаареи" аҟны иналыгӡоз Анна Одинцова лроль азы, ахаҵа иреиӷьу ироль даԥсахеит Есмиль Петров — Евгени Базаров ироль азы.
Егьырҭ аноминациақәа рҟны иалкааз:
Аҩбатәи аплан иатәу иреиӷьу ахаҵа ироль — Леон Ӷәынџьиа, аспектакль "Аҳәынаԥкыга" аҿы инаигӡоз аҟаза Паравичини ироль азы;
Аҩбатәи аплан иатәу иреиӷьу аԥҳәыс лроль даԥсахеит — Симона Спафопуло, амадемуазель Куку — "Хьӡы змам аеҵәа";
Акостиумқәа рзы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ иусумҭа — Анастасиа Терехова — "Абацәеи ахшаареи";
Алашаразы иреиӷьу асахьаҭыхыҩ иусумҭа — Константин Удовиченко — "Хьӡы змам аеҵәа";
Акомпозитор иреиӷьу иусумҭа — Алексеи Асеев — "Аҳәынаԥкыга";
Асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ иреиӷьу иусумҭа — Илиа Кутиански — "Аҳәынаԥкыга";
Арежиссиор-ақәыргылаҩ иреиӷьу иусумҭа — Андреи Сидельников — "Аҳәынаԥкыга".
Атеатртә сезон ҿыц аартхоит абҵарамза 21 рзы аспектакль " Аҷныш" аԥхьарбарала.
