Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Ареспубликатә турнир мҩаԥысит Гәдоуҭа ақалақь аҿы
16:01 15.11.2025 (ирҿыцуп: 16:25 15.11.2025)

© telegram sputnik_apsny_info
/ Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 15 - Sputnik. Зых иақәиҭу аиқәԥаразы Ареспубликатә турнир мҩаԥысит Гәдоуҭа ақалақь аҿы.
2012-2015 шықәсқәа рзы ииз аспортсменцәа акапан категориақәа жәаба рҿы еицлабуан ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭқарратә спорттә Еилакы.
Аҟәа, Гагра, Аҟәа араион, Агәыӡера, Тҟәарчал, Гал рхаҭарнакцәа акомандақәа рыла еихшан.
Атурнир мҩаԥысит UWW аԥҟарақәа инарықәыршәаны, акомандақәа рыцыԥхьаӡа рҽеидкыланы ржәылара аформат ала ("стенка-на-стенку").
Гагра актәи аҭыԥ ааннакылеит, Аҟәеи Аҟәа араиони аҩбатәи ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит. Акомандақәа аԥаратә ҳамҭақәа ранашьан.